Аԥсны акоронавирустә инфекциа 19-ҩык ирыдырбалеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Денис Абрамов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование на антитела к коронавирусу
Тестирование на антитела к коронавирусу - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13167-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12610-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 206-ҩык.

АҞӘА, хәажәкыра 18 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 217-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 19-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Хәажәкыра 17 рзы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 1956 шықәсазы ииз апациентка. Лара лдиагноз хада - акоронавирустә инфекциа ҿыц.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 37-ҩык, урҭ рахьтә 19-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп жәҩык, ибжьаратәуп - 19-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 19-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит хҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - ааҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы ачымазцәа шьҭаӡам.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкычымазара рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0