Аиҿцәажәара шәаҳарц, шәазыӡырҩы аудиофаил.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалахәыз ирызку 10 000 рҟынӡа документ ацифрахь ииаргеит
АҞӘА, мшаԥы 14- Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба иҩнытә рбаандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит. Абри аӡбра аԥнахит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа. Абри атәы аанацҳауеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа асаит.
Мшаԥы 2 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба иҩнытә рбаандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит лаҵара 9 рҟынӡа.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Георги Воуба харас идырҵоит атәым мазара рацәаны иӷьычит, имаҵуратә уалԥшьақәа инархыҳәҳәаны ихы иаирхәеит, аԥхасҭа бааԥс ҟаиҵеит ҳәа.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Апполон Гәыргәлиа имаҵзуратә зинмчра ихы иархәаны 1 522 531 мааҭ ахәышәтәырҭа амазара аӷьычра далахәуп.
Аус далахәны дшьоуп Ареспубликатә хәышәтәырҭа уаанӡатәи аусзуҩ Аслан Цкәуа. Иаргьы аҩнытә баандаҩраҟынтә ихы дақәиҭтәуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. 19 еиҿкаара еидызкыло Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аицџьынџьуаа реиҿкаарақәа ркоординациатә Еидгыла алахәылацәеи анапхгаҩцәеи аурыс меценат, адендролога, Аҟәатәи адендропарк аԥҵаҩы, арыԥҳачымазара змоу рзы аԥснытәи асанаториақәа реиҿкааҩ Николаи Смецкои дыргәаладыршәеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аицџьынџьуаа реиҿкаарақәа ркоординациатә Еидгыла апресс-маҵзура.
Аидгыла алахәылацәа Смецкои ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит,аекскурсиа маҷ мҩаԥыргеит.
Аҿартә еиҿкаара "Ауаажәларратә еиҿкаарақәа рассоциациа "Аԥсны аурыс уаԥшь " анапхгара аиҳабы Станислав Осыкин иажәақәа рыла Смецкои раԥхьатәи амеценатцәа дреиуоуп.
Ауаажәларратә еиҿкаара "Аурыс ҩны" ахантәаҩы Наталиа Семенова иазгәалҭеит Смецкои ҿырԥшыганы дыҟоуп амеценат ҳәа изышьҭо рзы ҳәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: