Аҟәа абанк иақәлаз ҳәа агәаанагара ззыҟоу аҽаӡәгьы даанкылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукОграбление Амра банка
Ограбление Амра банка - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2021
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 13 рзы Аԥсны АШәМ аусзуҩцәеи амилициеи дааныркылеит "Амра-банк" аофисцҵа иақәлаз дреиуан ҳәа агәҩара ззыҟоу Алхас Кәыҵниа.

АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. "Амра-банк" аофисцҵа иақәлаз дреиуан ҳәа агәҩара ыҟаны даанкылоуп Асҭамыр Быҭәба, 1981 шықәсазы ииз. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

Быҭәба даанкылан хәажәкыра 14 рзы.

© Foto / МВД РААсҭамыр Быҭәба
Аҟәа абанк иақәлаз ҳәа агәаанагара ззыҟоу аҽаӡәгьы даанкылоуп - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2021
Асҭамыр Быҭәба

Уаанӡа, хәажәкыра 13 рзы дааныркылеит "Амра-банк" аофисцҵа иақәлаз дреиуан ҳәа агәҩара ззыҟаз Алхас Кәыҵниа.

Аоператив-ԥшааратәи аанкыларатәи уснагӡатәқәа мҩаԥыргеит Аԥсны АШәМ аусзуҩцәеи амилициеи. Кәыҵниеи Быҭәбеи ырбаандаҩуп.

Ацәгьоура егьырҭ алахәылацәа рышьақәыргылареи раанкылареи рзы аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит.

Ограбление Амра банка - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.03.2021
"Амра-банк" аофисцҵа дақәлеит ҳәа агәҩара ззыҟоу аӡә даанкылоуп

"Амра-Банк" аҟәатәи аофисцҵа дырҳәит хәажәкыра 10 асааҭ 12:20 рзы. Ԥшьҩык ауаа асабрадақәа рҿаҵаны абанк иҩналеит. 1 021 156 мааҭ аԥара дәылыргеит.

Абанк ахьчаҩи ақәылацәеи рыбжьара аиҿахысра ҟалеит, убри аан ацәгьоуцәа автомашьына "Ford Galaxy" ала ибналеит. Аамҭақәак рышьҭахь амашьына амца аркын Арратә мҩаҿы.

Абри ахҭыс аганахьала Аҟәа ақалақь ААР хәажәкыра 10 рзы аусҭҵаара хацнаркит Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 159 ахәҭа 4 апункт "б" (акыр идуу амазара ахатәтәра хықәкыс иҟаҵаны ақәылара), ахәҭаҷ 217 ахәҭа 2 (абџьари аџьаԥҳани изакәанымкәа раахәара, аӡәы иҭара, аҭира, аҵәахра, амҩангара ма аныҟәгара, гәыԥҩык ауаа заанаҵ еибыҳәаны иҟарҵаз ацәгьоуразы) инарықәыршәаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0