Sputnik амчыбжь: COVID-19 аҭагылазаашьа, Москва аиҿцәажәарақәа, адекларациаз азакәан

© Sputnik / Томас ТхайцукПарламент Абхазии ратифицировал Соглашение с Сирией об отмене виз для дипломатов
Парламент Абхазии ратифицировал Соглашение с Сирией об отмене виз для дипломатов  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2021
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны еиднакылеит хәажәкыра 15-21 рыҩныҵҟа еиҳа иналукааша ахҭысқәа.

Ииасыз амчыбжь азы ареспубликаҿ имаҷмызт хра зуҭаша ахҭысқәа: Апарламент аҿы адекларациаз азакәан акәша-мыкәша аимак, акоррупциа иаҿагыло азакәан адгылаҩцәа реизара, "Амра-банк" дақәлеит ҳәа агәаанагара ззыҟоу ауаҩы иаанкылара.

Sputnik

Ковид акәша-мыкәша

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13219-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12650-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 209-ҩык.

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб хәажәкыра 18 марта рзы акоронавирустә инфекциаҟынтәи аҽыхәышәтәра данахыс ашьҭахь Москватәи аклиникатә центр аҟнытә дылырҩааит. Аԥыза-министр ԥыҭраамҭак иҭахуп аиҭашьақәгыларазы. Егьыс чымазара ҳәа акгьы идбалам.

Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2021
Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа аштаттә режим ала апациентцәа аднакыло иалагоит

Аҵәыҵәри астанциа Гәдоуҭатәи аковидтә центр азы иаархәеит 2020 шықәсазы ахархәара зҭамыз Урыстәылатәи афинанстә цхыраара аԥарақәа рыла. Хәажәкыра 15 рзы аҵәыҵәри астанциа Гәдоуҭатәи аковидтә центр аҿы иқәдыргылеит. Аекономика аминистр лажәақәа рыла, астанциа ареспублика зегьы ҵәыҵәрила еиқәнаршәар алшоит.

Мшаԥымза нахыс Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ачымазцәа аштаттә режим ала ирыдыркыло иалагоит.

Ажьырныҳәа 21 раахыс Драндатәи абахҭаҿы ааҩык акоронавирустә инфекциа рыдбалоуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ААР амедицинатә маҵзура аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Владислав Белиаев.

Белиаев иҳәеит абахҭаҟны авирус асимптомқәа змоу даарԥшхар иареи иныруаз ауааи хазы ишиагахо, акамера арзҩыдара ишахрыжьуа. Адиагноз шьақәырӷәӷәахар ҩымчыбжь хазы дааныжьхоит. Ачымазара аҽарцәгьар, астационартә хәышәтәырҭахь ииаргоит.

Белиаев иҳәеит уажәы абахҭаҿы аӡәгьы акоронавирус шимам, аха аҭааразы аԥкрақәа шыҟоу.

Озгани Делбеи усутә визитла Москва рыҟазаара

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган хәажәкыра 16 рзы усутә ныҟәарыла Москваҟа дцеит.

Кристина Озган встретилась с Александром Новаком в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2021
Афымца аусхки, азеиԥшҵакыра аиҿкаара апрограммеи: Озгани Новаки еиԥылеит

Москва, Кристина Озгани Урыстәыла Аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Александр Новаки хәажәкыра 17 рзы аиԥылара рыман

Кристина Озган, иара убасгьы аиԥыларақәа мҩаԥылгеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрраҿы, Урыстәыла аенергетика аминистрраҿы, Урыстәыла аҳауатә транспорт Афедералтә маҵзураҿы.

Аиԥыларақәа раан ирылацәажәан: Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы Аинвистициатә программа анагӡара; Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара азеиԥш социалтәи аекономикатәи ҵакыра аиҿкаара Апрограмма анагӡара; Аԥсны газла аиқәыршәара асхема хада аус адулара; альготатә кридитҭара апрограмма; Аԥсны аенергетика аусхк аиҭарҿыцра.

Аамҭала Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо, афинансқәа рминистр Владимир Делба усутә ныҟәарыла Москва даҭааит хәажәкыра 19 рзы.

Сухумский вокзал. - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.03.2021
Аихамҩатә кредит азы Аԥсны ауал ашәашьа иалацәажәеит Урыстәыла афинансқәа рминистрраҿы

Владимир Делба диԥылеит Урыстәыла афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Тимур Максимов, аиԥылараан ҩганктәи аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәан.

Аԥсны аихамҩа аиҭашьақәыргылареи арҿиареи хықәкыс иҟаҵаны, аиԥылара тема хадас иаман атәыла Аиҳабыра аҳәынҭқарратә експорттә кредит аҭаразы ԥхынҷкәын 24 2010 шықәсазтәи аурыс-аԥсуа еиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрала ауал ареструктуризациа.

Аиԥылара алҵшәақәа рыла, аԥсуа ган иҟанаҵаз аҳәара шьаҭас иҟаҵаны, еиқәшаҳаҭхеит аҩганк ирзыфеидахартә еиԥш ари азҵаара шьаҿа-шьаҿала аӡбаразы ажәалагалақәа разырхиара.

"Амра-банк" арҳәра

"Амра-Банк" аҟәатәи аофисцҵа дырҳәит хәажәкыра 10 асааҭ 12:20 рзы. Ԥшьҩык ауаа асабрадақәа рҿаҵаны абанк иҩналеит. 1 021 156 мааҭ аԥара дәылыргеит.

Хәажәкыра 13 рзы дааныркылеит "Амра-банк" аофисцҵа иақәлаз дреиуан ҳәа агәҩара ззыҟаз Алхас Кәыҵниа."Амра-банк" аофисцҵа иақәлаз дреиуан ҳәа агәҩара ыҟаны хәажәкыра 14 рзы даанкылоуп Асҭамыр Быҭәба, 1981 шықәсазы ииз.

Ацәгьоура егьырҭ алахәылацәа рышьақәыргылареи раанкылареи рзы аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит.

Георги Воуба аҩнытә баандаҩра иқәҵоуп

Хәажәкыра 17 рзы Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба иганахь ала аҩнытә баандаҩра иқәҵазарц ҳәа азыӡба аднакылеит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа.

Судебный молоток и весы правосудия - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2021
Георги Воуба аҩнытә баандаҩра иқәҵоуп

Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиеи ихаҭыԥуаҩ Георги Воубеи рганахьала аусҭҵаара хацыркын 2021 шықәса жәабран 9 рзы рнапынҵамчрақәа ирхыҳәҳәаны рхы иадырхәеит ҳәа.

Аусҭҵаара адыррақәа рыла аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба ахара ихарарҵоит атәым мазара итәтәра, изинмчра ахыҳәҳәара.

Аусҭҵаара адыррақәа рыла ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Аппалон Гәыргәлиа имаҵзуратә зинмчра ихы иархәаны ахәышәтәырҭа амазара аӷьчра далахәуп 1 522 531 мааҭ аныхра аҟазшьала.

Георги Воуба аҩнтәы рбаандаҩра даҵанакуеит 2021 шықәса мшаԥы 4 рҟынӡа.

Ахра Аҩӡба дышҭакыз даанхоит

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа Ахра Аҩӡба дшаанкылац даанкылазааит ҳәа иаӡбеит хәажәкыра 15 рзы имҩаԥысыз аилатәараҿы.

Ахра Аҩӡба аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа аҩнтәы рбаандаҩра даҵанаркыр, абналара игәы ишҭам азы.

Убри аан иргәалаиршәеит Аԥсны АШәМ ахь ихатәгәаԥхарала дышнеиз.

Адукат Инга Габилаиаԥҳа илҳәеит Ахашшааратә коллегиа аӡбамҭа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум ахь дшазашшуа.

Аԥсабаратә мцакрақәа

Ааԥынразы ареспубликаҿы рҽеимҽхаркуа иалагеит абнабылрақәа. Убас Очамчыра араион аҿы хәажәкыра 16 рзы мышкы хәлаанӡа амцарцәара иаҿын.

Аҵх акыр инеихьан зехьынџьара амца арцәара алдыршеит. Амцакра ыҟан Очамчыра, Аҽгәара, Лашькьындар, Аӡҩыбжьа, Кындыӷ, Араду, Баслахә.

Амца дырцәон Очамчыра араион амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭа зегьы, иара убасгьы аамҭак азы уи иалархәын Гал араион амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭагьы.

Иҟаз аҭагылазаашьазы Лашькьындар ақыҭа амҩаду аҿы аныҟәара аанкылан. Амца ркын аевкалиптҵлақәа, аԥсаҵлақәа.

Адекларациаз азакәани, уи акәша-мыкәша аимаки

Жәлар Реизара адепутатцәа реилатәараҟны "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәала, рныхтәқәа, рмазара, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан арҽеирақәа аларымгалаӡеит рашәара 18 рзы. Ари азакәан ахԥатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылеит жәабран 2020 шықәсазы. Амч аиураны иҟоуп ҳазҭоу ашықәс ԥхынҷкәын 30 рзы, убри аан ари аҿҳәара ааиаанӡа ирыдыркылароуп аҳәынҭқарратә маҵзуразы азакәан.

Заседание парламента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2021
Апарламент аҵыхәтәантәи аԥхьарала амазаразы азакәан ахь аиҭакрақәа аднамкылеит

Хәажәкыра 12 рзы апарламентарицәа актәи аԥхьарала азакәан ариашарақәа рыдыркылеит аха аҩбатәи аԥхьараан урҭ мап рцәыркит.

Аилатәара ашьҭахь асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵит ариашарақәа ирыдгылази ирҿагылази рсиа. Иҟан зынӡа абжьыҭара зхы ацәыԥхьазкыз.

Хәажәкыра 15 азтәи аилатәараҿы адепутат Гиви Кәарҷиа аҽазнык аиҭабжьыҭара мҩаԥгазарц ажәалагала ҟаиҵеит уаанӡа атехникатә еилагарақәеи апроцедуратә еилагарақәеи ыҟан ҳәа азгәаҭаны.

Арҭ ажәалагалақәа аҽазныкгьы аимак-аиҿак ду цәырыргеит.

Адепутатцәа акы изеицазымиааиит.

Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы азакәан адкылараз иқәгыло аԥшьгаратә гәыԥ алахәылацәа еизеит.

Апарламент изаамҭанытәиу асессиаҿы акоррупциа иаҿагыло азакәан ариашарақәа рыдрымкылар амитинг ахь ауаа ааҳаԥхьоит, иҳәеит аԥшьгаратә гәыԥ алахәыла Асҭамур Какалиа.

"Агәҭынчымра ҳнаҭоит 27-ҩык адепутатцәа адекларант зықәра наӡахьоу ихшара ашәҟәы раныхразы рыбжьы ахьырҭииз, аха убри аан азакәан амчра аиурц азы рыбжьы ахьырымҭииз", - иҳәеит Какалиа.

Аԥсны MITT-2021 аҿы

Аԥсны алахәын Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа MITT-2021. Ацәыргақәҵа мҩаԥысуан хәажәкыра 16-18 рзы Москва, Крокус ЕКСПО.

в г. Москве, состоялся круглый стол  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2021
Аинвестициақәеи аимиџьтә политикеи: Москва Аԥсны атуризм арҿиара иалацәажәеит

Аԥснытәи аделегациа напхгара аиҭон атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба.

Ари ацәыргақәҵа ареспублика алшарақәа инарҭбааны иаанарԥшуеит, аинвестициақәа атәыла радԥхьалара иацхраауеит, Аԥсныҟа асасцәагьы хьанарԥшуеит.

Аԥсни Урыстәылеи ртуристтә усбарҭақәа рхадацәа аинырреи аусеицуразы азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Ҭеимураз Хышба иажәақәа рыла 2021 шықәсазы ареспублика 1,5 миллионҩык рҟынӡа аԥсшьаҩцәа рыдкылара иазыхиоуп.

Сынтәатәи ацәыргақәҵа иалахәын 200 тәыла: Малаизиа, Мальдивы, Ҭырқәтәыла, Бырзентәыла, Болгариа, Черногориа, Таиланд, Албаниа, Саксониа, Никарагуа уҳәа егьырҭгьы.

MITT - адунеи аҟны аԥыжәара змоу хә-цәыргақәҵак рхыԥхьаӡараҟны иҟоу Урыстәыла атуристтә цәыргақәҵоуп. Араҟа еиқәшәоит атуризм аусхк знапы алакуи уи амаҵзурақәа зхы иазырхәоуи.

Ҭырқәтәыла Аԥсны азинмчнагӡа змоу Ахаҭарнак даҭоуп

Хәажәкыра 17 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу Ахаҭарнакс дҟаиҵеит Ибраҳим Аҩӡба.

Ибрахим Авидзба - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2021
Ҭырқәтәыла Аԥсны азинмчнагӡа змоу Ахаҭарнак даҭоуп

Ибраҳим Аҩӡба 1994-2000 шықәсқәа рзы Аԥсны ахада ихьчараз Аҳәынҭқарратә маҵзура актәи аҟәша деиҳабын.

2000 шықәса инаркны арратә комендантс дыҟан, нас – Аԥсны ахада иофициалтә резиденциа адиректорс.

Уаанӡа Ҭырқәтәыла Аԥсны азинмчнагӡа змоу Ахаҭарнак ҳәа иҟаз Вадим Ҳаразиа 2020 шықәса лаҵарамзазы Аԥсны аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс иҟаҵара инамаданы, Ахаҭарнакра ахада дамамызт.

Шьамтәылатәи аиԥыларақәа

Ииасыз амчыбжь азы Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба Дамаск иҟоу Мавританиа, Иемен, Пакистан рыцҳаражәҳәаҩцәа дырԥылеит.

Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба Дамск диԥылеит Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Иементәи аԥсылмантә республика ацҳаражәҳәаҩ Абдулла Али Сабри.

Хутаба Баграта с Чрезвычайным и Полномочным Послом с Исламской Республикой Йемен Абдулла Али Сабри - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2021
Шьамтәыла иҟоу Аԥсни Иемени рыцҳаражәҳәаҩцәа аусеицуразы еиқәшаҳаҭхеит

Ацҳаражәҳәаҩцәа алацәажәеит Аԥсни Иемени рыбжьара аусеицура азҵаара, ргәаанагарақәа еимырдеит, ирҳәеит аҳәынҭқаррақәа рыбжьара ҩ-ганктәи аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара шхымԥадатәиу.

Баграт Хәытаба Абдулла Али Сабри имаҵзура дахьахагылаз идиныҳәалеит, Аԥсны даҭаарц ааԥхьара ииҭеит, Шьамтәыла ажәлар аизҳазыӷьара рзеиӷьеишьеит.

Иара убасгьы аиԥылара рыман Баграт Хәытабеи Аԥсылмантә Республика Мавританиа ацҳаражәҳәаҩ Ахмед Едди Мухаммад-Аль Разиси. Ацҳаражәҳәаҩцәа агәыӷра аадырԥшит Аԥсни Мавританиеи рыбжьара аизыҟазаашьа бзиақәа шьақәгылап ҳәа.

Хәажәкыра 17 рзы Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба Дамаск диԥылеит Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсылмантә Республика Пакистан ацҳаражәҳәаҩ Саид Мухаммад Хан.

Аԥсни Пакистани рыцҳаражәҳәаҩцәа агәыӷра аадырԥшит ҩ-ганктәи аусеицура аҿиара аиуп ҳәа.

Саид Мухаммад Хан иазгәеиҭеит 2021 шықәса мшаԥымзазы аҽазныкгьы Баграт Хәытаба диԥылар шиҭаху. Адипломатцәа аҳамҭақәа еимырдеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0