Аҟәатәи аолимпиатә ӡҭарчы аартра ашьҭахь аусура шеиҿкаахо атәы еилкаахеит

© Sputnik / Акоп Кущян Строительство бассейна в Сухуме
Строительство бассейна в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аолимпиатә ӡсаратә комплекс аартын Москва, 1980 шықәсазы имҩаԥысуаз Аолимпиада аламҭалаз. Иара жәларбжьаратәи астандартқәа ирықәшәо еиҿкаан: аҵаулара– 2,25 метра, аҭбаара – 20 метра, аура – 50 метра иҟан.

АҞӘА, хәажәкыра 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи аӡҭарчы фымцамчла аиқәыршәараз ауадаҩрақәа ирхырҟьаны аԥхынраз мацара аус аулоит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит афирма "Аквастройинвест" адиректор Омар Сангәлиа.

"Аусурақәа зегьы планла имҩасуеит, аха ипроблеманы иҟоу ақалақь ахадареи "Амшынеиқәафымцамчи" аӡы арԥхаразы иахәҭоу афымцамч анашьҭра ахьрылымшо ауп. 860 киловатт ҳҭахуп, аӡҭарчы арԥхара иагоит 800 киловатт, 60 – аҽыкәабарҭақәеи егьырҭ акоммуникациақәеи рзы иаҭахуп", - иҳәоит иара.

Сангәлиа иажәақәа рыла, аусурақәа ишазыԥхьагәаҭаз еиԥш еиԥҟьарада имҩаԥысуеит.

"Аԥхынразы аусурақәа хҳаркәшоит ҳәа шаҳҳәоз аиԥш иҟалоит. Амш иалнаршар лаҵарамзазы ҳусурақәа ҳрылгоит. Рашәарамзазы ауаа аҭаауа иҟалоит", - иҳәоит иара.

Сангәлиа иазгәеиҭеит афымцамчда аӡҭарчы аӡы узырԥхом.

Ремонт сухумского бассейна - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.12.2020
Диоскураа рыԥшаҳәаҿы иҟоу аӡҭарчы аусура иаладыргоит 2021 шықәса рзы

"Аӡҭарчы спорттә хархәаганы изыҟалом, избанзар аӡыхьшәашәаҿ ахәыҷқәа узҭаҵом", - иҳәоит Омар Сангәлиа.

Уаанӡа, Диоскураа рыԥшаҳәаҿы иҟоу аӡҭарчы аусура иаладыргоит 2021 шықәса рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апроект анардадаҩ Дмитри Папасқьыр.

Анардадаҩ иажәақәа рыла аӡҭарчы аура 50 метра иҟалоит, мшынӡыла ирҭәхоит. Аицлабрақәа раан аӡыцқьала идырҭәуеит. Аамҭак ала аӡҭарчаҿы 40-50 –ҩык ӡсалар ауеит. Ахәаԥшыҩцәа рзы 360 ҭыԥ азырхиахоит.

Аӡҭарчы аргылара иалагеит 1968 шықәса рзы. Иаартын 1980 шықәса рзы Москва Аолимпиатә хәмаррақәа раан. Иара жәларбжьаратәи астандартқәа ирықәшәо еиҿкаан: аҵаулара– 2,25 метра, аҭбаара – 20 метра, аура – 50 метра иҟан.

Аибашьраан аӡҭарчы ааха ӷәӷәа аиуит.

Аҟәатәи аӡҭарчы 2008 шықәса рзы ақалақь ахадара қьырала афирма "Аквастройинвест" ианаҭеит. Уи аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа 2011 шықәса рҟынӡа ихдыркәшар акәын, аха афинанстә ҭагылазаашьақәа ирхырҟьаны аамҭа рацәа цеит.

Аҵыхәтәаны 2020 шықәсазы аусура иалагараны иӡбан.

Омар Сангәлиа иажәақәа рыла, ажәытә комплекс ықәгоуп, адренажтә трубақәа шьҭаҵоуп, иргылоуп аӡыҭгагақәеи аӡрыцқьагақәеи, аҽыкәабарҭақәеи аҽеилаҳәарҭақәеи атрибунақәеи шьақәыргылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0