Аԥсны ахада Баиден иажәақәа Путин аҭак шриҭаз ахҳәаа азиуит

© Sputnik Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2021
Анапаҵаҩра
ЕАА ахада Џьо Баиден ателеканал ABC ажурналист даниҿцәажәоз, хәажәкыра 17 рзы Владимир Путина уаҩшьҩыс дшиԥхьаӡо дақәшаҳаҭхеит.

АҞӘА, хәажәкыра 22 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Sputnik аинтервиу аҭо Џьо Баиден иажәақәа Владимир Путин аҭак шриҭаз ахҳәаа азиуит.

"Владимир Путин аҽазныкгьы иааирԥшит ҳаамҭазы атәылақәа рхадацәа дрылукаартә дшыҟоу. Адунеи аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи зҭаху ауаҩы дышцәажәарыз дцәажәеит. Баиден иакәзар оумашәа иубартә иҟоу аҳәынҭқарра ду ахада асеиԥш дахьцәажәаз. Аиҳаракгьы адемократиа шьаҭаны иззыҟоу атәыла ахада иакәны ихы ԥхьаӡо", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.

ЕАА ахада Џьо Баиден ателеканал ABC ажурналист даниҿцәажәоз, хәажәкыра 17 рзы Владимир Путина уаҩшьҩыс дшиԥхьаӡо дақәшаҳаҭхеит. Уи адагьы иҳәеит "алхрақәа ихы ахьрылеигалаз азы аҭак ҟаиҵароуп" ҳәа.

"Ҳаныхәыҷқәаз адәаҿы ажәақәа еимаҳклон. "Ахьӡҷыда зҳәо ихоуп изхиҳәаауа" ҳәа ҳҳәалон. Ари хәыҷтәы жәеиҭарсрам. Ари аԥсихологиатә ҵак амоуп, иҵаулоуп. Аҽаӡәы идаабало ҳара ҳазлаҟоу ауп", - иҳәеит Владимир Путин аҭакс.

Владимир Путин америкатәи иколлега Џьо Баиден агәабзиара изеиӷьеишьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0