Аԥсны ҭаацәалатәи аԥсшьаразы иреиӷьу 15 тәыла иреиуахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукТуристы в Пицунде
Туристы в Пицунде  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсшьарҭаҭыԥ заанаҵы аҿаҵаразы амаҵзура TVIL.RU иҳәаақәнаҵеит 2021 шықәсазы ҭаацәала аԥсшьаразы економикала еиҳа ифеидоу аҭыԥқәа.

АҞӘА, хәажәкыра 24 - Sputnik. Аԥсны 15-тәи аҭыԥ ааннакылеит 2021 шықәсазы еиҳа зыхә мариоу аҭаацәаратә ԥсшьара ареитинг аҿы ҳәа аанацҳауеит аԥсшьарҭаҭыԥ заанаҵы аҿаҵаразы амаҵзура TVIL.RU.

Урыстәылатәи арегионқәа хәба – аԥхынтәи аԥсшьара бжьаратәла 10 000 мааҭ иахьреиҳам ракәны иҟоуп: Воронежтәи, Волгоградтәи, Ростовтәи аобластқәа, Ҟабарда-Балкариа, Ҭаҭарсҭан.

Асиа шьақәыргылоуп аԥсшьарҭаҭыԥ заанаҵы аҿаҵаразы амаҵзура адыррала, абасгьы иҟоуп:

Еиҳа ифеидоу ахырхарҭақәа:

  1. Воронежтәи аобласт - 1 869 мааҭ*
  2. Волгоградтәи аобласт – 3 353 мааҭ
  3. Ҟабарда-Балкариа – 4 000 мааҭ
  4. Ростовтәи аобласт - 6 535 мааҭ
  5. Ҭаҭарсҭан – 9 228 мааҭ
  6. Оренбургтәи аобласт – 13 750 мааҭ
  7. Москватәи аобласт - 15 548 мааҭ
  8. Ставропольтәи атәылаҿацә – 16 201 мааҭ
  9. Новосибирсктәи аобласт – 17 315 мааҭ
  10. Калининградтәи аобласт – 17 429 мааҭ
  11. Башкириа (Башкортосҭан) – 18 529 мааҭ
  12. Иарославтәи аобласт – 19 007 мааҭ
  13. Ленинградтәи аобласт – 19 093 мааҭ
  14. Алтаи - 24 700 мааҭ
  15. Аԥсны – 26 201 мааҭ.

*Абжьаратә чек

Ажәабжьқәа зегьы
0