Аԥсны аҳәааҿы даанкылан Урыстәыла аӷьычраз ашьҭазаара змаз ахаҵа

© Sputnik / Томас ТхайцукНаручники
Наручники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы дааныркылеит Урыстәылаҟа машьынала ииасуаз аҳәаанырцәуаҩ.

АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа дааныркылеит Урыстәыла аӷьычраз ашьҭазаара змаз ахаҵа. Абри атәы аанацҳуеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Ахаҵа даанкылан Урыстәылаҟа автомобилтә цәаҳәала даныиасуаз. Иара ахара ихарарҵоит Урыстәыла АЗ ахәҭаҷ 158 ахәҭа 1 иҳәаақәнаҵо ацәгьоура – аӷьычра – ала.

Иаанкылоу ахаҿы ишьақәыргылоу аԥҟарала Санкт-Петербурги Ленинградтәи аобласти рҿы Урыстәыла ААР анапхгараҭара хадахьы днашьҭуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0