АҞӘА, хәажәкыра 25 – Sputnik, Бадри Есиава. Москва имҩаԥысуаз ареитингтә қәгылараҿы аиааира Харитона Агрба егьырҭ апрофессионалтә бокс аверсиақәа рчемпионтә титулқәа дырзааигәанатәит. Абри атәы далацәажәеит иара ихаҭа Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз.
Иара иҳәеит ареитинг аҿы иҟаиҵо ашьаҿақәа зегьы алшара ширҭо апрофессионалтә версиақәа – абокс азы Адунеизегьтә еиҿкаара (WBO), абокс азы Адунеизегьтә хеилак (WBC), абокс азы Жәларбжьаратәи афедерациа (IBF) уҳәа рзы адунеи ачемпионра аиураз.
Агрба иҳәеит Москва абокс азы Адунеизегьтә ассоциациа (WBA Continental) аверсиала ачемпион ититул ихьчар шакәыз, аха ақәгылара мчыбжьык шыбжьаз дзындаҭлараны дыҟаз Еснеикер Корреа, Венесуелатәи абаксиор акоронавирус ихьит. Корреа ицынхәрас аринг вахь днеиит Албер Рохас, ақәгыларагь реитингтәхеит.
Уажәы аспортсмен абокс азы Адунеизегьтә ассоциациа (WBA Continental), WBA-Fedecaribe рверсиақәа рыла ачемпионтә маҟақәа имоуп.
"Абоксиор атитул аниоуа, шықәсык ахь знык ититул ихьчалароуп. Саргьы ус ҟасҵар акәын, аха аҭагылазаашьа аҽеиҭанакит. Сара WBA Continental ареитинг 15-тәи атоп саҵанакуеит, аха акарантин иахҟьаны спозициа маҷк иԥсыҽхеит. Рохас сииааир ареитинг аҿы сҳаракхар акәын", - иҳәеит Агрба.
Аӡбаҩцәа ақәгыларақәа ныркылеит аҩбатәи атаим ахԥатәи аминуҭ азы, Венесуелатәи абоксиор аҿагылара ахьизаамырԥшыз азы. Агрба игәаанагарала уи тактиканы иҟаиҵарц акәын, нас аконтржәылара мҩаԥигарц, аха иалымшеит.
"Иҟалап, ас аҿагылара иоуеит ҳәа дақәымгәыӷуазар, ма уаанӡа иара иаасҭа иццаку дрыцмықәгылацзар атехникатә план ала. Аҭагылазаашьа ихы иаирхәарц иҭахын аха шьапыла сжәылара деиԥнаҟьазар ҟалап. Иуашәшәыррақәа анызба, схы иасырхәеит. Ақәгыларагьы заанаҵы иаанкылахеит", - иҳәеит Агрба.
Убри аан иҳәеит аамҭакьаҿла ақәгылара ахыркәшара дшазыԥшымыз, уи адагьы аԥхьанатә индаҭлараны иҟаз аспортсмен дарыман, уи данырыԥсах итактика ириашар акәхеит.
"Абоксиор еиуеиԥшымкәа ихы ааирԥшуазароуп, дзындаҭло дыззыԥшыша изымдыруазароуп. Саргьы аԥхьанатә исындаҭлараны иҟаз аспортсмен дарыман, уи данырыԥсах стактика сыриашар акәхеит, аха аспорт аҿы ус ҟалалоит", - иҳәеит иара.
Харитон Агрба 25 шықәса ихыҵуеит. Диит Гагра, 1995 шықәса жьҭаара 22 рзы. Иара европатәи ахәмаррақәа рҟны араӡны даԥсахахьеит, 2012, 2018 шықәсқәа рзы Урыстәыла ачемпионатқәа рҟны ҩынтә аԥхьахә иоухьеит, профессионалла 2019 шықәсазы раԥхьаӡа дықәгылеит, хәынтә дықәԥахьеит, рыхәынтә раан даиааихьеит, ҩ-қәгылараҟны нокаутла даиааиит. Агрба Ростов-на-Дону дынхоит. Дҭаацәароуп. Иԥҳа Мариа жәамз лхыҵуеит.
АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Иахьазы Аԥсны аҵакыраҿы иалагалоу алашара арцәара аграфик ԥсахуп абзазаратә обиектқәа еиҳа иҭышәынтәаланы русуразы ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Аԥкыратә схема шыҟаз иаанхоит: сааҭк ҽынла, ҩ-сааҭк – уахынла идырцәалоит.
Мшаԥы 8рзы урыстәылатәи аган Аԥсныҟа иаауа алашарамчра алимит ҳәаақәнаҵеит 7 миллион киловатт-сааҭ ҳәа. Убри аан ареспублика иаҭахны иҟоуп 9,6 миллион киловатт-сааҭ ҳәа азгәарҭоит "Амшынеиқәафымцамч" аҿы.
АҞӘА, мшаԥы 14- Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба иҩнытә рбаандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит. Абри аӡбра аԥнахит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа. Абри атәы аанацҳауеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа асаит.
Мшаԥы 2 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба иҩнытә рбаандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит лаҵара 9 рҟынӡа.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Георги Воуба харас идырҵоит атәым мазара рацәаны иӷьычит, имаҵуратә уалԥшьақәа инархыҳәҳәаны ихы иаирхәеит, аԥхасҭа бааԥс ҟаиҵеит ҳәа.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Апполон Гәыргәлиа имаҵзуратә зинмчра ихы иархәаны 1 522 531 мааҭ ахәышәтәырҭа амазара аӷьычра далахәуп.
Аус далахәны дшьоуп Ареспубликатә хәышәтәырҭа уаанӡатәи аусзуҩ Аслан Цкәуа. Иаргьы аҩнытә баандаҩраҟынтә ихы дақәиҭтәуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: