Урыстәыла ахада Аԥсны иҟоу аџьынџьуаа реиҿкаарақәа амедалқәа ранеишьеит

© Foto / Русская община Абхазии Президент России наградил медалями «#МыВместе» соотечественников Абхазии
Президент России наградил медалями «#МыВместе» соотечественников Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аџьынџьуаа реиҿкаарақәа рволонтиорцәеи ахатәгәаԥхаҩцәеи хаҭа-хаҭалатәи ацхыраара рзыҟарҵон еиҳа социалла иуашәшәыраз ауааԥсыра акциа #МыВместе аҳәаақәа ирҭагӡаны.

АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аџьынџьуаа реиҿкаарақәа аҳаҭыртә шәҟәқәеи амедалқәа "За бескорыстный вклад в организацию Общероссийской акции Взаимопомощи #МыВместе" ранеишьеит Урыстәыла ахада Владимир Путин. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Аурыс уаԥшьи Аԥсны иҟоу Амшынеиқәатә казақцәа рыри рыпресс-маҵзура.

ОО «Русская община Абхазии» совместно с ОО «Черноморское Казачье Войско Абхазии» в рамках движения «Мы Вместе» в период с 23 по 25 мая оказывали продуктовую помощь нуждающимся соотечественникам Абхазии.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.05.2020
"Аԥснытәи аурысцәа руаԥшь" рџьынџьуаа ацхыраара рырҭеит

COVID-19 апандемиа аан активла русуразы аҳамҭақәа рыҭан "Аԥсны аурыс уаԥшь", "Аԥсны иҟоу Амшынеиқәатәи аказақцәа рыр", "Аԥсны аказақцәеи аибашьра иалахәыз аказақцәа-аветеранцәеи Реидгыла", Аԥсни, Урыстәылеи, ДЖәРИ, ЛЖәРи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырҿиаразы Афонд "Отечество", "Аԥсны инхо урыстәылатәи аџьынџьуаа аекономикатә цхыраара рыҭараз Ассоциациа, "Аԥснытәи аказақцәа руаԥшь".

Урыстәылазегьтәи акциа #МыВместе аусура хацнаркит 2020 шықәсазы, акоронавирус апандемиаан. #МыВместе Аԥсны еиҿыркааит ареспублика анаплакыҩцәа.

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аџьынџьуаа реиҿкаарақәа рволонтиорцәеи ахатәгәаԥхаҩцәеи хаҭа-хаҭалатәи ацхыраара рзыҟарҵон еиҳа социалла иуашәшәыраз ауааԥсыра: атәанчаҩцәа, аинвалидцәа, ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа, зхала ахшара зааӡо анацәа, Аибашьра Дуи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи рветеранцәа, Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра.

Акциа аиҿкааразы агәалашәаратә медал шьаҭаркын Урыстәыла ахада идҵала 2020 шықәса рашәарамзазы. Амедал ранаршьоит аҳәынҭқарра ахада ихьӡала атәылауааи аиҿкаарақәеи активла акциа #МыВместе аиҿкаареи амҩаԥгареи рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0