Урыстәылатәи аруаа Аԥсны ашьхақәа рҿы аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУчения соединения спецназначения ЮВО
Учения соединения спецназначения ЮВО - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.03.2021
Анапаҵаҩра
Аҽазыҟаҵарақәа раан ҷыдала азхьаԥшра роуеит афортификациатә хархәагақәа аҽыхьчаратә цәаҳәаҿы рыҟазаареи ажәылараҿ аӷа иҭархараан амцаԥшьнашьҭра асистема аиҿкаареи.

АҞӘА, хәажәкыра 29 - Sputnik. Зықьҩык инарзынаԥшуа Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ арратә база аруаа Аԥсны ашьхараҿы аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп реиҿкаашьеи, анормативқәа рынагӡараз рылшареи, аоперативтә зыҟаҵара шрымоуи аҭҵааразы. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ арратә база апресс маҵзура.

Ар ргәаҭара мҩаԥысуан Аладатәи арратә округ ар ркомандаҟаҵаҩ Александр Дворников инапхгарала. Аҽазыҟаҵарақәа ирылархәын Амшынеиқәатә флоти Каспитәи афлоти. Аҽазыҟаҵарақәа рыхәшьара мҩаԥыргоит арратә усбарҭа анапхгаҩцәа рыла ишьақәгылоу акомиссиа.

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп 200 ак арратә техника, ҳаамҭазтәи акәылӡтәы автомашьынақәа КамАЗ "Мустанг", БТР-80 иақәгылоу акоманда-штабтә машьынақәа "Кушетка" назлоу.

Аруаа ажәылареи аҽыхьчареи раан ахымҩаԥгашьа аус адырулоит уахынлеи ҽынлеи раамҭазы ашьхара-бнаратә ҭыԥқәа рҿы.

Абаза амотохысцәеи артиллеристцәеи аполигон Ҵабал аҿы хыԥхьаӡарала иреиҳаз "аӷа" дыԥхьарцеит БТР-82АМ рхы иархәаны.

Аҽазыҟаҵарақәа рхыркәшамҭазы урыстәылатәи аруаа еиуеиԥшым абџьар ахархәарала еиҭаҵуеи ҭыԥк аҿы игылоуи ацәҟьарақәа ириехсны рхы аадырԥшуеит. Ахысрақәа мҩаԥгахоит БТР-82АМ, 120-мм згәыцә ыҟоу аминометқәа "Сани", анапылатә гранатаршәгақәа РПГ-7В рылагьы.

Аладатәи арратә округ ар ргәаҭара азырхоуп разыҟаҵара аизырҳара, аруаа роперативтә хиара, аҵарақәеи аҽазыҟаҵарақәеи рформақәа реиӷьтәра алыршара.

Ажәабжьқәа зегьы
0