Асахьаҭыхҩы Адгур Амԥар ицәыргақәҵа "Аамҭабжьара" аатит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка Адгура Ампар "Межвременье"
Выставка Адгура Ампар Межвременье - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2021
Анапаҵаҩра
Адгур Амԥар ирҿиара бзиа избо зегьы Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы ирбар рылшоит мшаԥы 10-нӡа иаарту ацәыргақәҵа "Аамҭабжьара".

АҞӘА, хәажәкыра 30– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Асахьаҭыхҩы Адгур Амԥар ицәыргақәҵа "Аамҭабжьара" аатит Аҟәа Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы хәажәкыра 30 рзы.

"Араҟа аԥыжәара ргоит абасеиԥш иҟоу ахырхарҭақәа: сиурреализм, асимволизм. Аиашазы, асимволизм еснагь асиурреализм иахәҭоуп, аха ара хазны ицәырызгоит", - иҳәоит Адгур Амԥар.

© Sputnik / Томас ТхайцукАсахьаҭыхыҩ Адгур Амԥар ицәыргақәҵа "Аамҭабжьара" аатит Аҟәа
Асахьаҭыхҩы Адгур Амԥар ицәыргақәҵа Аамҭабжьара аатит Аҟәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2021
Асахьаҭыхыҩ Адгур Амԥар ицәыргақәҵа "Аамҭабжьара" аатит Аҟәа

Асахьаҭыхыҩ уаанӡа аныхачаԥақәа ҭихуан, уи иара ишиҳәо ала асиурреализм иатәу аҭыхымҭақәа раԥҵараан ицхраауеит.

"Аныхачаԥа аҩра акыр аҵшьрақәа аҭахуп: анапы, ахаҿы уҳәа рҭыхраан. Уи уажәы исыцхраауеит. Акрылтә шәыгақәа схы иасырхәоит, урҭгьы аныхачаԥа зларыҩуа ашәыгақәа ирзааигәоуп", - иҳәоит асахьаҭыхыҩ.

Ацәыргақәҵа ахьӡ "Аамҭабжьара" – ари акы анҵәамҭеи аҽакы алагамҭеи реиԥшьырҭоуп. Ицәыргоу аусумҭақәагьы уи рныԥшуеит ҳәа иҳәоит Амԥар.

"Ацәыргақәҵаҿы иӡыргоу аусумҭақәа аҵыхәтәантәи шықәсык, шықәсыки бжаки рыҩныҵҟа иҭыху роуп. Адин иазааигәаз ауаҩ иҟынтәи аеволиуциахь зхы зырхаз уаҩхеит ари аамҭазы", - иҳәоит иара.

Адгур Амԥар ицәыргақәҵахь инагоуп 25 усумҭа.

Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Рцәыргақәҵатә зал хада адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа илҳәеит, Адгур Амԥар иудигало зегьы агәыхыҭхыҭра узцәырнагоит ҳәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАсахьаҭыхыҩ Адгур Амԥар ицәыргақәҵа "Аамҭабжьара" аатит Аҟәа
Асахьаҭыхыҩ Адгур Амԥар ицәыргақәҵа Аамҭабжьара аатит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
1/6
Асахьаҭыхыҩ Адгур Амԥар ицәыргақәҵа "Аамҭабжьара" аатит Аҟәа
© Sputnik / Томас ТхайцукАсахьаҭыхыҩ Адгур Амԥар ицәыргақәҵа "Аамҭабжьара" аатит Аҟәа
Асахьаҭыхыҩ Адгур Амԥар ицәыргақәҵа Аамҭабжьара аатит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
2/6

3/6

4/6

5/6

6/6

"Иара ихаҭа иажәақәа рыла асахьаҭыхыҩ дызмырҭынчуа зегьы аш ахь инеигар ауп ҳәа, убасҟан ауп ахәаԥшыҩцәагьы ргәы аныхыҭхыҭуа. Ацәыргақәҵа ахаҭа етапк аҟынтәи аҽа етапк ахь аиасра иазҳәоуп", - лҳәеит лара.

Асахьаҭыхыҩ ахәаԥшҩы иахь иаартра аҭак ҟанамҵарц залшом. Адгур Амԥар ԥхьаҟагьы ирҿиамҭақәа рыбзиабаҩцәа акырынтә иргәырӷьараны дыҟоуп ҳәа лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0