Аҟәа ақалақь амҩақәа ҩба рыхьӡ рыԥсахит

© SputnikВид на сухумскую бухту
Вид на сухумскую бухту  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ақалақьтә еизара афбатәи ааԥхьара адепутатцәа аҵыхәтәантәи реилатәара мҩаԥысит хәажәкыра 30 рзы. Мшаԥы 11 рзы Аԥсны имҩаԥгахоит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа.

АҞӘА, хәажәкыра 31 – Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә еизара афбатәи ааԥхьара адепутатцәа еицҿакрыла ирыӡбеит Ажәытә ҳаблаҿы амҩасырҭа "Северный" Дмитри Гамгьиа ихьӡ зху амҩа ҳәа иҟаларцаз, Спортивнаиа амҩа Али Алиев ихьӡ ахҵазарц. Абри атәы аанацҳауеит Аҟәатәи ақалақьтә еизара апресс-маҵзура.

Георгий Алексеевич Дзидзария - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2021
Ҳаҭхәа ашьха амҵан иҟоу апарк Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ ахҵоуп

Арадио Sputnik аефир аҿы Аҟәатәи ақалақьтә еизара ахантәаҩы Дмитри Маршьан иҳәеит амҩақәа рыхьӡ аиҭакра заԥшьгамҭоу аҭыԥантәи ауааԥсыра шракәу.

Дмитри Гамгьиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәылан, Кәыдрытәи аиҩхаа ахақәиҭтәраан, 2001 шықәсазы дҭахеит, "Леон" иорден ианашьоуп.

Али Алиев – ажурналист, аполитик, Нхыҵ Кавказ аҭоурых адырыҩ, акраамҭа Кавказ ажәларқәа Рконфедерациа апарламент ахантәаҩыс дыҟан, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра хатәгәаԥхарала иалахәыз дреиуан.

Гамгьиеи Алиеви рҭоурых адепутатцәа ирзеиҭарҳәеит ирыцеибашьуаз рҩызцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0