Пицунда лаҵарамзазы акоттеџьтә ԥсшьараз иреиӷьу жәа-ҭыԥк ирылашәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукТуристы в Пицунде
Туристы в Пицунде  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2021
Анапаҵаҩра
2021 шықәсазы Аԥсны миллионки бжаки атуристцәа раара иазыԥшуп, атәыла аотельқәа жәпакы рҿы заанаҵтәи аҿаҵарақәа мҩаԥысуеит.

АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Аԥснытәи акурорт Пицунда 2021 шықәса лаҵарамзазы акоттеџьқәа рҿы аԥсшьарақәа ахьыҟало аҭыԥқәа иреиӷьу жәаба рахь иаҵанакит ҳәа аанацҳауеит амаҵзура TVIL.RU.

Парк Ольденбургского - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2021
Гагра лаҵарамзазтәи аԥсшьараз иреиӷьу ртоп-10 иақәшәеит

Асиа ианылеит Иалта, Шәача, Санкт-Петербург, Углич уҳәа Урыстәыла ақалақьқәа. Убри аан зегь раасҭа ахәԥсақәа лаҟәуп Пицунда, еиҳа иҳаракуп – Санкт-Петербург.

TVIL.RU астатистикала атуристцәа лаҵарамзазы акотеџьқәа раанкылара рҭахуп 1-15 мшы рыҩнуҵҟа, иазыхиоуп 1,5 - 32 нызқьмааҭ рҟынӡа уахыки-ҽнаки рыла ашәара.

2021 шықәсазы иалкаау аҭыԥқәа жәаба рсиа абасеиԥш иҟоуп:

  • Иалта – 4182 ₽ / 9,6 у-ҽ *
  • Шәача – 8665 ₽ / 15,8 у-ҽ
  • Лахденпохиа – 6917 ₽ / хаха-хымш
  • Банное – 6193 ₽ / 3,5 у-ҽ
  • Углич - 6900 ₽ / ҩаха-ҩымш
  • Манжерок – 10000 ₽ / фаха-фымш
  • Абрамцево – 4500 ₽ / ааха-аамш
  • Пицунда – 1456 ₽ / 9 у-ҽ
  • Санкт-Петербург – 32000 ₽ / уахыки-ҽнаки
  • Андреаполь – 2800 ₽ / хәаха-хәымш

Аиҳарак акоттеџьқәа алырхуеит аҭаацәарақәа - 35,67%, ҩыџьа-ҩыџьалеи компаниалеи - 23,57%; 24,84% ҳәа азгәанаҭоит TVIL.RU.

Ажәабжьқәа зегьы
0