Аԥсни Аџьар Ҟаԥшь амиссиеи русеицура иацҵахоит

© Sputnik / Бадрак Авидзба Президент Абхазии Аслан Бжания принял представителей миссии МККК
Президент Абхазии Аслан Бжания принял представителей миссии МККК - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2021
Анапаҵаҩра
МККК амиссиа Аԥсны аус ауеит 1992 шықәса раахыс. Имҩаԥнагоит агуманитартә программақәа. 2010 шықәса раахыс аԥсны имҩаԥысуеит аԥсыбаҩҭҵааратә усурақәа.

АҞӘА, мшаԥы 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа хәажәкыра 31 рзы идикылеит Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь амиссиа ахаҭарнакцәа.

"Бзиала шәаабеит! Агәахәара снаҭоит шәбара. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит имҩаԥыжәго аусуразы. Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь – агуманизм зырҿио, аимакҭыԥқәа рҿы ицәырҵуа апроблемақәа ииашаны ирызнеиуа еиҿкаароуп", - ҳәа иҳәеит ахада асасцәа аԥсшәа раҳәо.

Аслан Бжьаниа иҳәеит ареспублика шазыхиоу ари аиҿкаара ԥхьаҟагьы аус ацура, иахәҭаны иҟалар зылшо ацхыраара аҭара.

Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь амиссиа ахада Маттиас Ваинраих атәыла ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит иахьидикылаз азы. Иара Аслан Бжьаниа диирдырит Кавказ хабарда ибжьаӡыз рызҵаарақәа рзы Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь ацҳаражәҳәаҩ Дениел Мак Свини.

архивтә фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.06.2019
Аџьар ҟаԥшь Аԥснытәи аԥсыжырҭа ҿыцқәа ҭырҵаауеит

Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь ацҳаражәҳәаҩ еиҭеиҳәеит Аԥсны иусура иалагӡаны 177 ԥсыбаҩ ԥшааны, рхаҭара шьақәыргыланы рҭаацәарақәа ишрыҭаз.

"Ари аҵакы дууп. Адунеи аҭыԥқәа жәпак рҿы сусура иснарбоит ари апрограмма ҩаӡара бзиала Аԥсны ишымҩаԥысуа", - ҳәа иҳәеит иара.

Дениел Мак Свини иара убасгьы иазгәеиҭеит ари ахырхарҭала аусурақәа ԥхьаҟагьы ишрыцҵалатәу, Аԥсны хабарда ибжьаӡыз зегь рҟынтәи иаарԥшу 10% ахьракәу иаҿырԥшны.

Ажәабжьқәа зегьы
0