Аҟәа ақалақь ҩнеихагылак ауаҭахқәа руак аҿы амца ырцәоуп

© Foto / МЧС РА По улице Эшба 173 "А" в городе Сухум загорелась мебель
По улице Эшба 173 А в городе Сухум загорелась мебель - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәа ҩнеихагылак аҿы ауадақәа руак аҟны абылра ҟалеит ҳәа Аԥсны АҶА ахь адырра ҟаҵан асааҭ жәба рзы.

АҞӘА, мшаԥы 1 - Sputnik. Аҟәа, Ешба имҩа, аҩны 173 "А" аԥшьбатәи аихагылаҿы аҩнымаҭәа амца акит ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны АҶА асаит.

Амцарцәаҩцәа ринформациала, амца ауадақәа зегь амҽханакыр ҟалон. Амцарцәаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи еицымҩаԥыргаз аоперативтә усура иахьынӡауаз ала ирласны амца дырцәеит. Ауаҭахқәа зегь абылра иацәынхеит.

© Foto / МЧС РА Аҟәа ақалақь ҩнеихагылак ауаҭахқәа руак аҿы амца ырцәоуп
Аҟәа ақалақь ҩнеихагылак ауаҭахқәа руак аҿы амца ырцәоуп - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2021
Аҟәа ақалақь ҩнеихагылак ауаҭахқәа руак аҿы амца ырцәоуп

Абри аан аӡәгьы ԥырхага имоуит.

АҶА агәҽанҵара ҟанаҵоит абылраҽацәыхьчаратә ԥҟарақәа ишрықәныҟәалатәу.

Ажәабжьқәа зегьы
0