АҞӘА, мшаԥы 2 - Sputnik. Аԥснытәи астудентцәа, урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рахь квотала иқәгыло аԥышәарақәа ирхысраны иҟоуп хара имгакәа ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра Facebook аҿы.
Аԥышәарахь инашьҭхоит абитуриентцәа, занкетақәа астатус "Проверена РЗУ" аҿы иҟоу. Занкетақәа астатус "На доработке" аҿы иҟоу аԥышәарақәа рахь инарышьҭуам.
Аԥышәарақәа абри аграфик ала имҩаԥгахоит:
Аматематикеи химиеи рзы аԥышәарақәа мҩаԥгахоит МФТИ аплатформала. Уи азы МФТИ апортал аҿы уҽҭауҩыроуп.
Ауаажәлардырреи аурыс бызшәеи рзы аԥышәарақәа мҩаԥысуеит Афинанстә Университет аплатформаҿы. Аурыс бызшәа акандидатцәа зегьы ирҭиуеит.
Афинанстә Университет аплатформахь анеиразы адыррақәа акандидатцәа ирзынашьҭхоит асистема https://education-in-russia.com.аҿы иарбо аелектронтә ԥошьҭала.
Россотрудничество ахаҭарнакраҿы иазгәарҭеит акомпиутор ззыуадаҩу акандидатцәа ААУ акомпиутортә классқәа рҿы аԥышәара мҩаԥыгар шрылшо. Уи азы аԥышәарақәа рылагара сааҭк шагу ауниверситет ахь ишнеитәу.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Иахьазы Аԥсны аҵакыраҿы иалагалоу алашара арцәара аграфик ԥсахуп абзазаратә обиектқәа еиҳа иҭышәынтәаланы русуразы ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Аԥкыратә схема шыҟаз иаанхоит: сааҭк ҽынла, ҩ-сааҭк – уахынла идырцәалоит.
Мшаԥы 8рзы урыстәылатәи аган Аԥсныҟа иаауа алашарамчра алимит ҳәаақәнаҵеит 7 миллион киловатт-сааҭ ҳәа. Убри аан ареспублика иаҭахны иҟоуп 9,6 миллион киловатт-сааҭ ҳәа азгәарҭоит "Амшынеиқәафымцамч" аҿы.
АҞӘА, мшаԥы 14- Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба иҩнытә рбаандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит. Абри аӡбра аԥнахит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа. Абри атәы аанацҳауеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа асаит.
Мшаԥы 2 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба иҩнытә рбаандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит лаҵара 9 рҟынӡа.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Георги Воуба харас идырҵоит атәым мазара рацәаны иӷьычит, имаҵуратә уалԥшьақәа инархыҳәҳәаны ихы иаирхәеит, аԥхасҭа бааԥс ҟаиҵеит ҳәа.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Апполон Гәыргәлиа имаҵзуратә зинмчра ихы иархәаны 1 522 531 мааҭ ахәышәтәырҭа амазара аӷьычра далахәуп.
Аус далахәны дшьоуп Ареспубликатә хәышәтәырҭа уаанӡатәи аусзуҩ Аслан Цкәуа. Иаргьы аҩнытә баандаҩраҟынтә ихы дақәиҭтәуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: