АҞӘА, мшаԥы 2 - Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа мраҭашәаратәи ахәҭа лашарада иаанхеит афымцацәаҳәақәа ахьеиԥҵәаз азы ҳәа рҳәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" Гәдоуҭатәи афилиала аколл-центр аҿы.
Аремонттә бригада аҭыԥ аҿы иҟоуп, аусурақәа мҩаԥысуеит.
Аремонтҟаҵара 2-3 сааҭ рҟынӡа иадхалар алшоит. Аԥҵәара амзыз шьақәдыргылоит.
2020 шықәса ԥхынҷкәын 11 раахыс Аԥсны урыстәылантәи афымцалашара аиуеит, убри аан Гәылрыԥшь, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа ажьырныҳәа 20 рҟынӡа ЕгрыГЕС аҟынтәи алашара роуан. Кристина Озган лажәақәа рыла Аԥсны уаанӡатәи – 619 миллион мааҭ ауал ақәын.
АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. Аԥсуа-абаза диаспора рхаҭарнакцәа Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә абнанхамҩатә университет хәыда-ԥсада иҭалар ҟалоит. Абри атәы аанацҳауеит аконгресс асаит.
Ари аҩыза алшара ҟалеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси ауниверситети абҵарамза, 2020 шықәсазы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иабзоураны.
Иазгәаҭоуп, аҵараиурҭа иҭаларц зҭаху рзы ашәҟәқәа рыдкылара шхацыркыз хәажәкыра 1 инаркны. Абиуџьет ҭыԥқәа рахь иҭало рышәҟәқәа аларҵароуп ԥхынгәы 20-нӡа, латәарадатәи аҟәшахьы – нанҳәа 11-нӡа, амагистратурахь – нанҳәа 6-нӡа.
Арзаҳал азы абитуриентцәа абарҭ ашәҟәқәа еиқәыршәаны ирымазароуп: атәылауаҩшәҟәы ахкьыԥхьаа, аттестат (ахкьыԥхьаа ма аоригинал), 3×4 см иҟоу афотосахьақәа фба, аԥсуа-абаза жәлар дшырхаҭарнаку зыршаҳаҭуа аилыркаа, ма урыстәылатәи атәылауаҩра. Ашәҟәқәа рынашьҭра ауеит ауниверситет асаит ахь.
Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә абнанхамҩатә университет адкыларатә комиссиа аиҳабы Елена Богатова лажәақәа рыла, аԥышәарақәа мҩаԥгахоит ҩ-форматк рыла: адистанциатә ма хаҭала.
Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә абнанхамҩатә университети Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси ауниверситети аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит абҵарамзазы.
СПААУ иҭаларц зҭаху Аԥснытәи, Ҭырқәтәылатәи абитуреинтцәа инарҭбаау аинформациазы иадҵаалар рылшоит Санкт-Петербург иҟоу АААК аофис, абри аелектронтә ҭыӡҭыԥ ала: info.spb@abaza.org, ма абри аҭел +7 812 514 88 55 ала.
Аҭоурыхтә баҟақәа Иаку аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа рсиа Аԥсны ирыдыркылеит 2015 шықәса ԥхынҷкәынмзазы. Уи аамҭазы уи ианылеит 1535 обиект. Ашьҭахь еиҿкааз аинветаризациа апрограммала даҽа 700 обиект алԥшаан. Хадаратәла урҭ архитектуратә баҟақәа ракәын. Дара аҳәынҭқарра иахьчоит азакәан инақәыршәаны, ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны акультура аминистрра аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы адепартамент аспециалист Инал Џьопуа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: