"Ужәлар рыпатуқәҵашьа уҽақәуршәароуп": Шьалуа Гыцба 85 шықәса ихыҵра иазкны

© Sputnik / Илона ХварцкияШалва Гицба.
Шалва Гицба. - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.04.2021
Анапаҵаҩра
Иахьа имшира азгәеиҭоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Аԥсны Жәлар рартист, арежиссиор, Ахьӡ-аԥша аорден II аҩаӡара занашьоу Шьалуа Ҷыф-иԥа Гыцба.

Наала Гәымԥҳа, Sputnik

"Ауаҩы даниуа ициуеит иразҟы рҳәоит аԥсуаа, саргьы убри агәра згоит", - иҳәоит иахьа 85 шықәса зхыҵуа Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Шьалуа Гыцба.

Заԥхьаҟа зегьы еицырдыруа иактиорхараны, Жәлар рартист ҳәа ахьӡ ду иаԥсахараны иҟаз Шьалуа Гыцба зынӡа иԥсҭазаара асцена иадиҳәаломызт. Даныхәыҷыз иҭахын аофицер изанааҭ алихырц, аха иразҟы даҽакала иҟалеит:

Пресс-конференция молодежного театра - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.04.2021
Арадио
Актиор Гыцба: сыԥсҭазаара здысҳәалаз аус сахьымхәӡеит

"Сыԥсҭазаараҟны асцена иахьа аҭыԥ дуӡӡа ааннакылоит, аха ус еиԥш ишьақәгылоит слахьынҵа ҳәа сыҟамызт зынӡа. Саныхәыҷыз саншьа арратә маҭәақәа ишәҵаны данызбоз, иара сиеиԥшхарц сҭахын, хымԥада софицерхоит ҳәа акәын сгәы ишаанагоз, аха ауаҩы дызқәымгәыӷӡо ауп илахьынҵахо", - иҳәоит актиор.

Асценатә ҟазара агәыбылра икит ашкол данҭаз аамҭа инаркны. Усҟантәи аамҭазы қыҭацыԥхьаӡа акино, ақәгыларақәа, аспектакльқәа рыманы иаҭаауан ашколхәыҷқәа иддырбарц. Урҭ ашықәсқәа игәаларшәо, актиор иҳәоит:

"Аҟазара аамҭа ҳалиааит, усҟан еиҳа аҟазара пату ақәын. Ашкол ҳанҭаз ирацәан имҩаԥыргоз аусмҩаԥгатәқәа: аолимпиадақәа, ареспубликатә еицлабрақәа, ажәеинраала исахьаркны аԥхьашьа, ахәыцшьа, абарҭ зегьы ҳаларааӡон. Актиорцәа ашкол иаҭаауан, урҭ рыхәмаршьа, рықәгылашьа, ҳахәаԥшуан, ҳазҿлымҳан. Ус-ус агәыбылра ҳдыркит, ахаан изалысхи уи асценатә ган ҳәа сгәы иҭамшәацт," - ҳәа иҳәоит Шьалуа Гыцба.

© Sputnik / Илона ХварцкияАрежиссиор Шьалуа Гыцба арепетициа амҩаԥгараан
Ужәлар рыпатуқәҵашьа уҽақәуршәароуп: Шьалуа Гыцба 85 шықәса ихыҵра иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.04.2021
Арежиссиор Шьалуа Гыцба арепетициа амҩаԥгараан

Ашкол даналга, 1956 шықәсазы дҭалоит ҿыц иаадыртыз Қарҭтәи Атеатралтә институт, акультура аҟәшахьы.

"Усҟан араионтә культура аҟәша аиҳабыс дыҟан Иасон Гыцба. Иара иҳабжьигеит Лидиа Гыцбеи сареи актиортә ҟазара алхны, убри аинститут ҳҭаларц. Аԥснынтәи ԥшьҩык ҳдәықәлеит: Софа Агәмаа, Сергеи Чуаз, Лидиа Гыцба, сара. Убри ашәықәс инаркны иахьа уажәраанӡа, аанҿасрак ҟамӡакәан, асцена ҳадҳәалахеит," - ҳәа иҳәоит Жәлар рартист.

Раԥхьаӡатәи асценахь ицәырҵра атәы дазааҭгыло, актиор иҳәоит:

Апроект "Атеатри аԥсҭазаареи" иациҵоит Аԥсны жәлар рартист Шьалуа Гыцба

"Қарҭ сҵара хыркәшаны санааи, атеатр арежиссиор Азиз Агрба дсыҳәеит, Миха Лакрба ипиеса ала иқәыргылаз аспектакль "Данаҟаи" аҟны ароль насыгӡарц. Аамҭа мчыбжьык еиҳамкәаны исыман, даара сгәы хыҭхыҭуан аиашазы, ари актиорк иаҳасабала раԥхьаӡатәи сықәгылара акәын", - ҳәа игәалаиршәоит Шьалуа Гыцба.

Шьалуа Гыцба, аспектальқәа рыдагьы, имаҷымкәан акинофильмқәа рҟны дыхәмархьеит: "Время счастливых находок", "Война еще не кончилась", "Робинзон Крузо", "В ночь на новолуние" уҳәа акиносахьақәа рыҟны.

Ихадараны иара ииԥхьаӡо ахәаԥшҩи иареи реимадара ауп:

"Асценаҟынтә аенергиа ицо, азал аҟны итәоу ахәаԥшҩы иныруазароуп. Ужәлар рыпатуқәҵашьа уҽақәуршәароуп", - ҳәа иҳәоит иара.

Шьалуа Гыцба 2014 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр режиссиорс дамоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0