Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра ашықәс актәи аԥшьбаратә усураз аихшьаала ҟанаҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСчет за электроэнергию
Счет за электроэнергию  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2021
Анапаҵаҩра
2021 шықәса актәи аԥшьбараз Аԥсны абиуџьет ахь аплан инацны 68 миллиони 100 нызқь мааҭ нашьҭын.

АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik. Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра, Аҟәа ақалақь аинспекциа, араионтә усбарҭақәа русура иалҵшәаны Аԥсны абиуџьет ахь 2021 шықәсазы иаланагалахьеит 563,5 миллион мааҭ. Аплан – 495,4 миллион мааҭ ыҟан, инагӡоуп 113,7% рыла. Ашәахтә лагалақәа аминистрра асаит аҿы иӡыргоуп.

Аҟәеи араионқәа рыла арбагақәа абас иҟоуп:

  • Аҟәа – 326,5 миллион мааҭ, аплан 317,2 миллион мааҭ. Инагӡоуп 102,9%.
  • Гагра араион – 90,5 миллион мааҭ, планла 62,6 миллион мааҭ. Инагӡоуп 144,6%.
  • Гәдоуҭа араион – 33,6 миллион мааҭ, планла 27,1 миллион мааҭ. Инагӡоуп 124,3%.
  • Аҟәа араион – 60,2 миллион мааҭ, планла 27,8 миллион мааҭ. Инагӡоуп 216,7%.
  • Гәылрыԥшь араион – 18,9 миллион мааҭ, планла 10,7 миллион мааҭ. Инагӡоуп 177,5%.
  • Очамчыра араион – 22 миллион мааҭ, планла 37,9 миллион мааҭ. Инагӡоуп 58,1%.
  • Тҟәарчал араион – 4,3 миллион мааҭ, планла 3,9 миллион мааҭ. Инагӡоуп 108,6%.
  • Гал араион –планла 8,1 миллион мааҭ, иалагалоуп 7,3 миллион мааҭ. Инагӡоуп 89,9%.

Аплантә рбагақәа еиҵахоуп Очамчыреи Гали араионқәа рҿы.

Аплани алагалеи реивыхра 68,1 миллион мааҭ ыҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0