Аԥсны афымцалашара аиуразы аԥкырақәа алагалоуп

© Sputnik Свет
Свет  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2021
Анапаҵаҩра
Авольтҳарак цәаҳәақәа "Гьачрыԥшь", "Кавкасиони" Урыстәыла аҵакыраҿы иҟалаз авариа иахҟьаны русура еиԥҟьоуп.

АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Аԥсны афымцалашара аԥкра аграфик аларгалоит: ес х-сааҭки х-сааҭки рыбжьара сааҭк-сааҭк идырцәалоит ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".

Авольтҳарак цәаҳәақәа "Гьачрыԥшь", "Кавкасиони" Урыстәыла аҵакыраҿы иҟалаз авариа иахҟьаны русура еиԥҟьоуп, ареспублика аенергосистемаҿ 100 мегаваттк адефицит ҟалеит.

Авариа аԥыхраз аусурақәа шцо рзы адыррақәа аамҭа-аамҭала иҟаҵахоит.

Аԥсны Урыстәылантә алашара аиура иалагеит ԥхынҷкәын 11 рзы. Убри аан Гәылрыԥшь, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа ЕгрыГЕС аҟынтәи ажьырныҳәа 20 рҟынӡа алашара роуан. 2020 шықәса жәабран-мшаԥы амзақәа рзтәи ахархәаразы Аԥсны Урыстәыла аҿаԥхьа афымцалашара аиураз 619 миллион мааҭ ауал ақәуп ҳәа лҳәеит жәабранмзазы имҩаԥгаз абрифинг аҿы аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.

Ажәабжьқәа зегьы
0