Владимир Путин Аслан Бжьаниа имшира идиныҳәалеит

© Sputnik / Алексей Дружинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел совещание по вопросам наращивания производства вакцин и вакцинации населения РФ
Президент РФ В. Путин провел совещание по вопросам наращивания производства вакцин и вакцинации населения РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа мшаԥы 6 рзы 58-тәи имшира азгәеиҭоит.

АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа имшира идиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада исаит.

"Гәахәарыла исгәаласыршәоит Москвеи Шәачеи ҳаиԥыларақәа. Сақәгәыӷуеит Аԥсни Урыстәылеи реиҩызареи рыстратегиатә еизыҟазшьеи аҿиара рызҭо аконструктивтә ҟазшьа змоу ҳусеицура иацҵахап ҳәа", - аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы.

Путин Бжьаниа изеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, аҳәынҭқарратә ус аҟны ақәҿиарақәа.

Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа диит мшаԥы 6, 1963 шықәса рзы, Очамчыра араион Тамшь ақыҭан.

1991 -1992 шықәсқәа рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Гәдоуҭа ақалақь аҟны Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусбарҭаҿы аус иуеит.

2010 – 2014 шықәсқәа рзы – Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы.

2014 шықәса нанҳәамзазы атәыла ахада иалхрақәа иҽрылаирхәит. 35% инеиҳаны алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит.

2015 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра аоппозициатә мчқәа Рыблок ацхантәаҩыс дҟалоит.

2017 шықәса рзы Аԥсны Жәлар реизара VI ааԥхьара (2017-2022) адепутатс дҟалоит.

2020 шықәса хәажәкыра 22 рзы Аслан Бжьаниа алхыҩцәа рыбжьеиҳа иманы Аԥсны ахадас далырхуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0