АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Авольтҳарак цәаҳәа "Кавкасиони" ааха аиуит Қырҭтәыла иахьаҵанакуа Чубертәи ахыҵырҭаҿы, аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Асыԥса леира иахҟьаны ацәаҳәақәа аҵла рықәҳаны иԥҵәеит.
Қырҭтәылатәи авариатә маҵзурақәа аремонт иалагахьеит.
Аԥснытәи аенергетикцәа ирыгәҭакын аҭыԥ иахыԥрааны агәаҭара, аха аԥҵәарҭа анырыԥшаа иаангылеит.
Мшаԥы 6 рзы авольтҳарак цәаҳәақәа "Гьачрыԥшь", "Кавкасиони" Урыстәыла аҵакыраҿы иҟалаз авариа иахҟьаны русура еиԥҟьоуп, ареспублика аенергосистемаҿ 100 мегаваттк адефицит ҟалеит. "Амшынеиқәафымцамч" аԥкырақәа аланагалеит: ес х-сааҭки х-сааҭки рыбжьара сааҭк-сааҭк алашара дырцәалоит.
Аԥсны Урыстәылантә алашара аиура иалагеит ԥхынҷкәын 11 рзы. Убри аан Гәылрыԥшь, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа ЕгрыГЕС аҟынтәи ажьырныҳәа 20 рҟынӡа алашара роуан. 2020 шықәса жәабран-мшаԥы амзақәа рзтәи ахархәаразы Аԥсны Урыстәыла аҿаԥхьа афымцалашара аиураз 619 миллион мааҭ ауал ақәуп.
АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Иахьазы Аԥсны аҵакыраҿы иалагалоу алашара арцәара аграфик ԥсахуп абзазаратә обиектқәа еиҳа иҭышәынтәаланы русуразы ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Аԥкыратә схема шыҟаз иаанхоит: сааҭк ҽынла, ҩ-сааҭк – уахынла идырцәалоит.
Мшаԥы 8рзы урыстәылатәи аган Аԥсныҟа иаауа алашарамчра алимит ҳәаақәнаҵеит 7 миллион киловатт-сааҭ ҳәа. Убри аан ареспублика иаҭахны иҟоуп 9,6 миллион киловатт-сааҭ ҳәа азгәарҭоит "Амшынеиқәафымцамч" аҿы.
АҞӘА, мшаԥы 14- Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба иҩнытә рбаандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит. Абри аӡбра аԥнахит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа. Абри атәы аанацҳауеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа асаит.
Мшаԥы 2 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Георги Воуба иҩнытә рбаандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит лаҵара 9 рҟынӡа.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Георги Воуба харас идырҵоит атәым мазара рацәаны иӷьычит, имаҵуратә уалԥшьақәа инархыҳәҳәаны ихы иаирхәеит, аԥхасҭа бааԥс ҟаиҵеит ҳәа.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Апполон Гәыргәлиа имаҵзуратә зинмчра ихы иархәаны 1 522 531 мааҭ ахәышәтәырҭа амазара аӷьычра далахәуп.
Аус далахәны дшьоуп Ареспубликатә хәышәтәырҭа уаанӡатәи аусзуҩ Аслан Цкәуа. Иаргьы аҩнытә баандаҩраҟынтә ихы дақәиҭтәуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: