Урыстәылатәи аруаа ахысрақәа мҩаԥыргеит Аԥсны ашьхареи агаԥшаҳәеи рҿы

© Foto / пресс-служба ЮВО Военнослужащие разведчики ЮВО в горах Абхазии израсходовали более 40 тыс. боеприпасов в ходе лагерного сбора
Военнослужащие разведчики ЮВО в горах Абхазии израсходовали более 40 тыс. боеприпасов в ходе лагерного сбора - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.04.2021
Анапаҵаҩра
Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын зықьҩык инареиҳаны аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭан 300 ак арратә техника.

АҞӘА, мшаԥы 7 - Sputnik. Урыстәыла Аладатәи арратә округ Аԥсны иҟоу арратә база аррамаҵзурауаа ахысразы аметод ҿыцқәа аус рыдыруылеит ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Аррамаҵзурауаа еиуеиԥшым абџьар рхы иархәаны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон апалигон Ҵабал аҿы ашьхара-бнаратә ҭыԥқәа рҿи Амшын еиқәа иаԥну аҭыԥқәа рҿи.

Военнослужащие разведчики ЮВО в горах Абхазии израсходовали более 40 тыс. боеприпасов в ходе лагерного сбора - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2021
Урыстәылатәи аррамаҵзурауаа 40 нызқь аџьаԥҳаны нырхит Аԥсны ашьхақәа рҿы рҽазыҟаҵараан

Аруаа ахысрақәа мҩаԥыргон ҽынлеиԥш уахынлагьы акәылӡы зқәу атранспартиорқәа БТР-82АМ, агранатаршәгақәа РПГ-6 рҟынтә иара убасгьы аҽыхьчарҭаҟынтә ахысрақәа мҩаԥыргон.

Агәыԥқәа "аӷа" ижәылара амодель иаҿырԥшны рхы мҩаԥыргон. Аротақәа ркомандаҟаҵаҩцәа истандартәымыз аҭагылазаашьақәа рҟны аӡбрақәа рыдыркылон, ахархәара рыҭан адунеи аҟны ицо бџьаршьҭыхлатә еибашьрақәа рԥышәа.

Зынӡа аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын зықьҩык инареиҳаны аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭан 300 ак арратә техника.

Урыстәыла ар ргәаҭара мҩаԥысуан Аладатәи арратә округ ар ркомандаҟаҵаҩ Александр Дворников инапхгарала. Аҽазыҟаҵарақәа ирылархәын Амшынеиқәатә флоти Каспитәи афлоти. Аҽазыҟаҵарақәа рыхәшьара мҩаԥыргоит арратә усбарҭа анапхгаҩцәа рыла ишьақәгылоу акомиссиа. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит 2021 шықәсазтәи аплан инақәыршәаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0