Егры аӡиас ианыруаз иҭахаз рганахьала Гал араион апрокуратура агәаҭарақәа мҩаԥнагеит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМост на реке Ингур, соединяющий Грузию с Абхазией. Архивное фото.
Мост на реке Ингур, соединяющий Грузию с Абхазией. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура адыррақәа рыла дара закәаншьаҭада аҳәаа иахысуан Аԥснынтәи Қырҭтәылаҟа инеиуа ауаа хәымш акарантин рхыргарц иахьааныркыло рҽацәхьаркырц азы.

АҞӘА, мшаԥы 8- Sputnik. Тҟәарчал араион Ҵарча ақыҭан инхо Емзар Гвалиа иуацәа ыӡит ҳәа Гал араион апрокуратурахь арзаҳал иҩит, уи инамаданы  аусбарҭа агәаҭарақәа мҩаԥнагеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура хада апресс-маҵзура.

Граница по реке Ингур  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.04.2021
Егры аӡиас ианыруаз иҭахаз аԥшьбатәи Аԥсны атәылауаҩ иԥсыбаҩ рыԥшааит

Агәаҭарақәа инақәыршәаны, мшаԥы 6 рзы Елгуџь Гвалиа (1974 шықәса рзы ииз), Маквала Гамсаниа (1981 шықәса рзы ииз), Тамуна Цатава (1991 шықәса рзы ииз), Ҭамаз Басланӡе (1959 шықәса рзы ииз) Гал араион Аԥсны АССР ииз, Тҟәарчал араион Царча ақыҭан инхоз, заанаҵы еилацәажәаны Егры аӡиас ирны аҳәынҭқарратә ҳәаа еиларгеит ҳәа шьақәыргылоуп.

Иазгәаҭоуп дара зегьы Аԥсны аҵакырахь алалареи Аԥсны аҵакыраҟынтә алҵреи азин рызҭо адокументқәа шрымамыз, Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара ишьақәнаргылаз аформала ареспублика акомпетенттә усбарҭақәа рзин ада аҳәаахьчаратәии аҳазалхырҭатәии ҭыԥқәа ирхыкәшаны ишымҩасуаз, "Аҳәынҭқарратә ҳәаазы" Аԥсны азакәани "Аҳәаанырцәуаа, ИАР атәылақәа ртәылауаа, атәылауаҩра змам ахаҿқәа Аԥсныҟа ралаларазы" Аԥҟара шеиларгаз.

Граница по реке Ингур  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.04.2021
Хҩык Аԥсны атәылауаа закәаншьаҭада Егры аӡиас ианыруаз иҭахеит

Атәылауаа закәаншьаҭада Аԥсны, Гал араион аҟынтәи Егры аӡиас ала аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысит Қырҭтәыла, Жәыргьыҭ араион Шамгона ақыҭахь рхы рханы. Егры аӡиас абри аамҭазы ихыхыҵәаны инеиуан. Аӡы аӷьыра риааины иӡааҟәрылеит. Аамҭақәак рышьҭахь рыԥышьҩык рыԥсыбаҩқәа Шамгона ақыҭа иахьаҵанакуаз ирбеит.

Ԥхьаҟатәи апроцессуалтә усқәа рзы аматериалқәа Аԥсны АШәМ ахь инашьҭуп.

Ахаша, мшаԥы 7 рзы Аԥсны атәылауаа аҳәаа закәаншьаҭада рахысраан, Егры аӡиас ианыруаз хҩык ҭахеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура. Ашьҭахь еилкаахеит аӡы иагаз аԥшьбатәи иԥсыбаҩ шырԥшааз Қырҭтәылатәи аиқәырхаҩцәа. Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура адыррақәа рыла дара закәаншьаҭада аҳәаа иахысуан Аԥснынтәи Қырҭтәылаҟа инеиуа ауаа хәымш акарантин рхыргарц иахьааныркыло рҽацәхьаркырц азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0