Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа рзы абжьыҭара иалагеит

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВторой тур президентских выборов в Абхазии
Второй тур президентских выборов в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны зынӡа абжьыҭара азин рымоуп 125 нызқьҩык алхыҩцәа, абжьыҭара мҩаԥысуеит 161 алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны алхырҭатә ҭыԥқәа 198 рҿы.

АҞӘА, мшаԥы 11-Sputnik. Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа рзы абжьыҭара иалагеит. Алхырҭатә ҭыԥқәа абжьыҭаразы иаартын асааҭ 08:00 рзы.

Гиви Габния - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.04.2021
Арадио
Габниа аҭыԥантәи адепутатцәа рнапынҵақәа рзы: алшарақәа ыҟоуп, аха рхархәашьа удыруазароуп

Аԥсны зынӡа абжьыҭара азин рымоуп 125 нызқьҩык алхыҩцәа, абжьыҭара мҩаԥысуеит 161 алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны алхырҭатә ҭыԥқәа 198 рҿы. Зегь реиҳа алхыҩцәа рхыԥхьаӡара рацәоуп аҳҭнықалақь аҟны - 40 нызқьҩык. Нанҳәа 2020 шықәсазы аҭыԥантәи адепутатцәа алхратә округқәа рхыԥхьаӡара дыркьаҿит 26 рҟынтәи 19 рҟынӡа.

Араионқәа ралхратә комиссиақәа рдыррақәа рыла, атәыла араионқәа рҟны аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы алхыҩцәа рхыԥхьаӡара уамак аҽеиҭанамкӡеит. Алхыҩцәа рхыԥхьаӡарала аҩбатәи аҭыԥ аҿы игылоуп Гагра араион - 25 нызқьҩык алхыҩцәа. Уаҟа иҟоуп 25 округ, алхырҭатә ҭыԥқәа 36.

Ахԥатәи аҭыԥ ааннакылоит Гәдоуҭа араион- 24 нызқьҩык алхыҩцәа, 29 алхратә ҭыԥ хада ыҟоуп, 33 алхырҭатә ҭыԥқәа. Очамчыра араион - 32 алхратә ҭыԥ хада ыҟоуп, 34 алхырҭатә ҭыԥқәа. Маркәыла, Мықә реиԥш иҟоу ақыҭа дуқәа рҟны алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба-ҩба аартуп. Алхыҩцәа рхыԥхьаӡара - 15 нызқьҩык.

Аҟәа, Гәылрыԥшь, Тҟәарчал араионқәа рҟны 15-15 хратә ҭыԥ хадақәа ыҟоуп, Гәылрыԥшь алхырҭатә ҭыԥқәа 47 ыҟоуп, алхыҩцәа 11 нызқьҩык ыҟоуп. Аҟәеи Очамчыреи араионқәа рҟны 3-5 нызқьҩык рҟынӡа алхыҩцәа ыҟоуп.

Алхыҩцәеи, алхырҭатә ҭыԥқәеи, алхратә ҭыԥ хадақәеи рхыԥхьаӡара маҷуп Гал араион аҿы. Уаҟа алхратә ҭыԥ хадақәеи алхырҭатә ҭыԥқәеи 11 ыҟоуп, 900-ҩык алхыҩцәеи. Гал араион инхо реиҳараҩык Аԥсны атәылауаҩшәҟәқәа рымаӡам. Аҵыхәтәантәи аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа рзы абжьыҭара Гал араион имҩаԥган 2011 шықәсазы, усҟан 16 нызқьҩык ауааԥсыра абжьыҭара иалахәын.

Рисмаг Аджинджал - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2021
Арадио
Аџьынџьал иҳәеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа раан иалагалоу аԥсахрақәа

"Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рымҩаԥгаразы" азакәан ахәҭаҷ 2 инақәыршәаны депутатс далххар ҟалоит Аԥсны атәылауаҩ, алхрақәа рымш азы 25 шықәса зхыҵхьоу. Аҭыԥантәи аӡбарҭақәа рахь адепутатцәа ԥшьышықәса ҳәа ҿҳәарас ирыҭаны иалырхуеит. Дара рнапы иануп: аҭыԥантәи абиуџьетқәа рышьақәырӷәӷәара, амуниципалтә хатәтәра ахархәареи анапхгареи, аҩнуҵҟатәи аусқәа, аҵара, акультура, ақыҭанхамҩа рнапхгаҩцәа раҭараан ақәшаҳаҭхара. Ирыӡбоит аекономикатә, асоциалтә, егьырҭ азҵаарақәа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит хәажәкыра 14 1998 шықәсазы. Уи ашьҭахь алхрақәа мҩаԥган 2001, 2004, 2007, 2011, 2016 шықәсқәа рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0