Владимир Делба аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа рҿы ибжьы аиҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВладимир Делба на выборах в местное самоуправление
Владимир Делба на выборах в местное самоуправление  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны зынӡа абжьыҭара азин рымоуп 125 нызқьҩык алхыҩцәа, абжьыҭара мҩаԥысуеит 161 алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны алхырҭатә ҭыԥқәа 198 рҿы.

АҞӘА, мшаԥы 11 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа рҿы ибжьы аиҭеит.

Делба ибжьы аиҭеит Аҟәа, алхырҭатә ҭыԥ хада №7 иаҵанакуа алхырҭатә ҭыԥ №1 ахьыҟоу Аҟәатәи абжьаратә школ №9 аҿы. Арахь иԥшәмаԥҳәыси иареи еицны иааит, дара зегь реиԥш агәаран иқәгылан, раамҭа ааиаанӡа абжьыҭарахь имнеит, алхратә комиссиа алахәылацәа шрыҳәозгьы.

Аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо иазгәеиҭеит игәалаҟазара бзианы алхрақәа рахь дышнеиз, иагьиҳәеит дарбанзаалак атәылауаҩ ҭакԥхықәрала ибжьы аиҭароуп ҳәа.

"Аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа ақәҿиара анроуа - ҳауаажәлар активла алхрақәа ианрылахәу, агәрагара анаадырԥшуа ауп. Сгәыӷуеит ҳтәылауаа иахьа рхы активла иаладырхәып, зегь маншәаланы имҩаԥысып ҳәа", - иҳәеит иара.

Аԥсны зынӡа абжьыҭара азин рымоуп 125 нызқьҩык алхыҩцәа, абжьыҭара мҩаԥысуеит 161 алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны алхырҭатә ҭыԥқәа 198 рҿы. Зегь реиҳа алхыҩцәа рхыԥхьаӡара рацәоуп аҳҭнықалақь аҟны - 40 нызқьҩык. Нанҳәа 2020 шықәсазы аҭыԥантәи адепутатцәа алхратә ҭыԥ хадақәа рхыԥхьаӡара дыркьаҿит 26 рҟынтәи 19 рҟынӡа.

Араионқәа ралхратә комиссиақәа рдыррақәа рыла, атәыла араионқәа рҟны аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы алхыҩцәа рхыԥхьаӡара уамак аҽеиҭанамкӡеит. Алхыҩцәа рхыԥхьаӡарала аҩбатәи аҭыԥ аҿы игылоуп Гагра араион - 25 нызқьҩык алхыҩцәа. Уаҟа иҟоуп 25 округ, алхырҭатә ҭыԥқәа 36.

Ахԥатәи аҭыԥ ааннакылоит Гәдоуҭа араион - 24 нызқьҩык алхыҩцәа, 29 алхратә ҭыԥ хада ыҟоуп, 33 алхырҭатә ҭыԥқәа. Очамчыра араион - 32 алхратә ҭыԥ хада ыҟоуп, 34 алхырҭатә ҭыԥқәа. Маркәыла, Мықә реиԥш иҟоу ақыҭа дуқәа рҟны алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба-ҩба аартуп. Алхыҩцәа рхыԥхьаӡара - 15 нызқьҩык.

Спикер парламента Валерий Кварчия на выборах в местное самоуправление 2021 - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2021
Аԥсны Апарламент аиҳабы аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа раан ибжьы иҭиит

Аҟәа, Гәылрыԥшь, Тҟәарчал араионқәа рҟны 15-15 хратә ҭыԥ хадақәа ыҟоуп, Гәылрыԥшь алхырҭатә ҭыԥқәа 47 ыҟоуп, алхыҩцәа 11 нызқьҩык ыҟоуп. Аҟәеи Очамчыреи араионқәа рҟны 3-5 нызқьҩык рҟынӡа алхыҩцәа ыҟоуп.

Алхыҩцәеи, алхырҭатә ҭыԥқәеи, алхратә ҭыԥ хадақәеи рхыԥхьаӡара маҷуп Гал араион аҿы. Уаҟа алхратә ҭыԥ хадақәеи алхырҭатә ҭыԥқәеи 11 ыҟоуп, 900-ҩык алхыҩцәеи. Гал араион инхо реиҳараҩык Аԥсны атәылауаҩшәҟәқәа рымаӡам. Аҵыхәтәантәи аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа рзы абжьыҭара Гал араион имҩаԥган 2011 шықәсазы, усҟан 16 нызқьҩык ауааԥсыра абжьыҭара иалахәын.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рымҩаԥгаразы" азакәан ахәҭаҷ 2 инақәыршәаны депутатс далххар ҟалоит Аԥсны атәылауаҩ, алхрақәа рымш азы 25 шықәса зхыҵхьоу. Аҭыԥантәи аӡбарҭақәа рахь адепутатцәа ԥшьышықәса ҳәа ҿҳәарас ирыҭаны иалырхуеит. Дара рнапы иануп: аҭыԥантәи абиуџьетқәа рышьақәырӷәӷәара, амуниципалтә хатәтәра ахархәареи анапхгареи, аҩнуҵҟатәи аусқәа, аҵара, акультура, ақыҭанхамҩа рнапхгаҩцәа раҭараан ақәшаҳаҭхара. Ирыӡбоит аекономикатә, асоциалтә, егьырҭ азҵаарақәа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит хәажәкыра 14 1998 шықәсазы. Уи ашьҭахь алхрақәа мҩаԥган 2001, 2004, 2007, 2011, 2016 шықәсқәа рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0