Анқәаб аковид-чымазара ашьҭахь иахьарнахыс инапынҵақәа дырзыхынҳәит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание Координационного штаба по защите населения от коронавируса
Заседание Координационного штаба по защите населения от коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2021
Анапаҵаҩра
Александр Анқәаб Аԥсны дахьынӡаҟамыз аамҭала аԥыза-министр инапынҵақәа наигӡон афинансқәа рминистр, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Владимир Делба.

АҞӘА, мшаԥы 12 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб акоронавирустә инфекциа анихига ашьҭахь мшаԥы 12 рзы инапынҵақәа дырзыхынҳәит ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб хәажәкыра 18 рзы москватәи ахәышәтәырҭаҟынтә дылырҩааит. Александр Анқәаб Аԥсныҟа дхынҳәит акоронавирус аҟынтәи аҽыхәышәтәреи ареабилитациа данахыс ашьҭахь хәажәкыра 31 рзы. Александр Анқәаб ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ахыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц, аҳақьыымцәа ирҳәо иацныҟәаларц.

Александр Анкваб - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2021
Анқәаб ичымазара ашьҭахь раԥхьаӡа акәны ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб акоронавирус ицәа ишалаз аарԥшын ԥхынҷкәын 30 рзы, ажьырныҳәа 5 рзы иара Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Хымш рышьҭахь иӡбан иара ихәышәтәра Москва иациҵарц азы.

2020 шықәса ажьырныҳәа 8 рзы Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Урыстәыла ФМБА Афедералтә ҭҵаарадырра-клиникатә центр ахь диаган акоронавирустә инфекциеи ҩ-ганктәи аполисегментартә гәаҵәкреи иманы. Иԥсыԥлагаҩагара уадаҩын, уи адагьы ахәышәтә гепатит аҟазшьақәа идбалан. Аселективтә плазмофильтрациа изун.

Ажьырныҳәа 17 рзы Александр Анқәаб иԥсабаратәымкәа арԥҳақәа аҳауарҭарсга (ИВЛ) изышьақәыргылан. Ажьырныҳәа 25 рзы иара иҭагылазаашьа еиӷьхеит. Жәабран 15 рзы адырра ҟаҵан иара аинтенсивтә терапиа апалатаҟынтә астационар ахь диаргеит ареабилитациатә курс амҩаԥгаразы ҳәа.

Аамҭала аԥыза-министр инапынҵақәа наигӡон Владимир Делба.

Ажәабжьқәа зегьы
0