Аԥсны акоронавирустә инфекциа 53-ҩык ирыдырбалеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит

CC0 / / Тест на коронавирус
Тест на коронавирус  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13774-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13274-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 218-ҩык.

АҞӘА, мшаԥы 13 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 283-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 53-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

Мшаԥы 12 рзы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 1940 шықәсазы ииз апациентка. Лара лдиагноз хада - акоронавирустә инфекциа ҿыц.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 43-ҩык, урҭ рахьтә 34-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 12-ҩык, ибжьаратәуп - 23-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 30-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 10-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - аа-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы аҿкычымазара зыдбалоу уаҩ дышьҭаӡам.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкычымазара рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0