Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион актив дыдирдырит

© Foto / Официальный сайт Президента РА Президент Аслан Бжания предоставил активу очамчырского района нового исполняющего обязаности главы Беслана Бигвава
Президент Аслан Бжания предоставил активу очамчырского района нового исполняющего обязаности главы Беслана Бигвава - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион ахада инапынҵақәа рынагӡаразы деиҭеит Беслан Бигәаа.

АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион актив дыдирдырит араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Беслан Бигәаа. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Бжьаниа араион ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит акурорттә аамҭа аламҭалаз амҩаду хада инаркны арыцқьаратә усурақәа мҩаԥыргарц.

Туристка на набережной в Гагре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2021
Аԥсны 2021 шықәсазы миллионҩык инареиҳаны аԥсшьацәа ирзыԥшуп

"Арҿиара аамҭа ҳааины ҳҭагылоуп. Арыцқьарақәа нап аҳаркып", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Иара иазгәеиҭеит 2021 шықәсазы Аԥсны атуристцәа рацәаҩны ишырзыԥшу. Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭахьгьы аԥсшьаҩцәа ҟалоит, аиҳаракгьы уажәы, аԥсшьарҭатә база аргылара ахыркәшарахь ианнеиуа аамҭазы.

Ахада иажәақәа рыла хәышықәса инарзынаԥшуа аԥаразоужьра азыԥхьагәаҭамызт амҩа иаԥну аҭыԥқәа рҭыԥ рықәҵаразы. Аслан Бжьаниа иара убасгьы иҳәеит амҩа иахьаԥну аргыларақәа аршаҳаҭра рыманы имҩаԥгалатәуп ҳәа.

"Иаку астиль ыҟазароуп. Амилаҭтә цәа аҟәнызароуп иуыргыло. Иахьазы иҟаҵо уажәшьҭа аиҭакра алшом, аха ԥхьаҟатәи аргыларақәа хшыҩзышьҭра рыҭаны имҩаԥгалатәуп. Амҩаду иаваршәны аргыларақәа рзы иаку аконцепциа еиҿкаахоит. Уи иаанагом ак азин ҟаҳҵом ҳәа. Уи иаанаго ари азҵаара шәаны изаны иазнеилатәуп ҳәоуп" - иҳәеит ахада.

Бжьаниа иҳәеит араион аҿы иҭацәу адгьылқәа шырацәоу, економикатә лагалак шыҟарымҵо. Урҭ аинвесторцәа рыдуԥхьалар ҟалоит. Убри аан ари адгьыл аҭира акәӡам, хра аманы ахархәароуп иаанаго ҳәа иҳәеит иара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0