Еиду аштатқәа Урыстәыла аганахь асанкциа ҿыцқәа аланагалеит

© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивное фото Капитолия в Вашингтоне
Архивное фото Капитолия в Вашингтоне - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.04.2021
Анапаҵаҩра
Еиду америкатәи аштатқәа асанкциақәа аланагалеит хә-хатәхаҿыки х-еилахәыраки рганахьала Ҟрым иахырҟьаны.

АҞӘА, мшаԥы 16 - Sputnik. Еиду аштатқәа Урыстәыла аганахь асанкциа ҿыцқәа аланагалеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Аҩны шкәакәа адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Иахьа (мшаԥы 15 рзы - аред.) Џьо Баиден Иусбарҭа Урыстәыла аганахьала ауснагӡатәқәа аднакылеит аҵыхәтәантәи аиҳабыреи аԥшыхәратә маҵзурақәеи ЕАА асуверинитети аинтересқәеи ахьҵыршәаауазы", - ҳәа аҳәоит Аҩны шкәакәа аҳәамҭаҿы.

Рашәара 14 раахыс ЕАА афинанстә усҳәарҭақәа азин рыҭам Урыстәыла Абанк хадеи Афинансқәа рминистрреи хәызмоу ақьаадқәа рымрыхәҳаларц.

Флаг Соединенных Штатов Америки. - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2021
Урыстәыла ахәаахәҭра аминистрраҿы иазгәарҭеит ЕАА асанкциақәа анырра бзиа шыҟарҵаз

Вашингтон иара убасгьы аԥкрақәа аланагалеит атехнологиатә еилахәырақәа фба рганахьала урҭ "урыстәылатәи амаҵзура ҷыдақәа ркиберпрограммақәа ирыцхраауеит" ҳәа ишьаны. Арахь иаҵанакит арратә технополис "Эра".

Адокумент аҿы иҳәоуп Урыстәыла Адәныҟаԥшыхәратә маҵзура "инарҭбаау акибершпионаж" SolarWind ацхыраарала имҩаԥнагоит ҳәа.

Асанкциатә сиа хадырҭәааит Урыстәыла 32 еилахәыреи хатәхаҿи рыла "алхрақәа рхы рыладырхәит" ҳәа рызҳәаны.

"ЕАА азыхиоуп аҩыза-ҳәынҭқаррақәа, апартниорцәа ршәарҭадара аиқәыршәара, иҟаҳҵогьы аҽазнык ишьақәнарӷәӷәоит ари апринцип ҳшацәхьамҵуа", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭа арелиз аҿы.

Встреча глав МИД РФ и Армении С. Лаврова и З. Мнацаканяна - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2021
Лавров мраҭашәаратәи аԥарашәаратә система рҽацәхьаркырц ааԥхьара ҟаиҵеит

Уи адагьы Американтәи иқәырцоит Вашингтон адипломатиатә миссиа аусзуҩцәа жәаҩык. Мшаԥы 15 ашьыжь, жәларбжьаратәи аусқәа рзы Афедерациа ахеилак ахантәаҩ актәи ихаҭыԥуаҩ Владимир Џьабаров аҳәамҭа ҟаиҵеит ари Москва аҭак шанаҭо.

Ахаша Урыстәыла ААР аҟынтә РИА Новости адырра аиуит ЕАА ацҳаражәҳәаҩ Џьон Салливан Урыстәыла ахада ицхырааҩ Иури Ушаков иахь дышнаԥхьаз, Баиден Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа еиӷьтәтәуп ҳәа ииҳәаз ашьҭахь асанкциа ҿыцқәа аларгалар Москва уи аҭак шанаҭо.

Уаанӡа Баидени Владимир Путини ҭелла реицәажәараан иҳәеит ахԥатәи атәылаҿы еиԥылар шиҭаху. Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков асанкциақәа алагалахаанӡа иҳәахьан урҭ ахадацәа реиԥылара иацхраауа ишыҟам.

Ажәабжьқәа зегьы
0