Гәдоуҭатәи агоспитали галтәи арҵаҩцәеи рзы ашәарақәа рҭагылазаашьа атәы рҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.04.2021
Анапаҵаҩра
Sputnik Аԥсны акорреспондент еиликаауан асоциалтә ҳа Феисбук аҿы Гәдоуҭатәи агоспитали Галтәи арҵаҩцәеи хымз ирықәуп ауалафахәқәа рмоуижьҭеи ҳәа ицәырҵыз аинформациа ахьынӡаиашоу.

АҞӘА, мшаԥы 16 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа амедусзуҩцәа ашықәс иаалагазар руалафахәы рызшәоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион афинанстә ҟәша аиҳабы Роман Гамсаниа.

Иара иҳәеит арахь иаҵанакуа ауалафахәқәа роуп, аковидтә центр аҿы аус зуа рзы ашәарацҵақәа ракәымкәа ҳәа. Урҭ ашәарацҵақәа Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи ауп ишынарышьҭуа.

"Араион иарбанзаалак уал амам. Ажьырныҳәа, жәабран, хәажәкыра рзы аԥарақәа зегь шәоуп. Асоциалтә ҳаҿы излацәажәо аковидтә центр аусзуҩцәа рԥарацҵа акәзар ҟалап", - ҳәа иҳәоит Гамсаниа.

Аҵара аусхк аҿы акәзар, арҵаҩцәа руалафахәы роураҿы иҟан аиҵахара, аха урҭ аԥарақәа уажәы араион абиуџьет иахыԥхьаӡалоуп, ашәахьа инаркны ашәарақәа ирылагоит.

"Проблеманы иҟоу уи ауп - ҳара дотациатә раионуп. Ҳхатә ԥарақәа ҳазхом. Мызкахьала абиуџьетникцәа руалафахәы азы 27 миллион мааҭ ҳҭахуп. Убри азы аулафахәқәа реиҳарак ареспублика иашәоит. Ианаамҭоу иаарышьҭуам ҳәа сызҳәом, избанзар графикла амза 10 - 15 рзоуп ашәарақәа анымҩаԥырго. Ҩымш-хымш анахылало ҟалоит, аха уи учҳартә иҟоуп. Мызк ахыланы ауалафахәы ҳшәоны исгәалашәом", - ҳәа иҳәоит Гамсаниа.

Заседание парламента Республики Абхазия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2021
Апарламент абиуџьеттә усзуҩцәа руалафахәы аицфинансркразы аиқәшаҳаҭра аратификациа азнауит

Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Ангелина Оҭырԥҳа ишьақәлырӷәӷәеит ауалафахәы ашәаразы еиҵахара шыҟам, аиҵахара аҭыԥ шамоу аковид госпиталь аусзуҩцәа ршәарацҵаҿы.

"Иахьынӡаздыруа ала атәыла зегьы аҿы ашәарацҵа еиҵаханы иҟан. Ҳара ҳҿы мацара акәым. Уажәы асиақәа еиҿдырԥшуеит", - ҳәа лҳәоит Оҭырԥҳа, иагьазгәалҭоит ашәарацҵақәа зхьыԥшу амаҵзуреи аҷаԥшьара ахыԥхьаӡареи шракәу.

Аԥсны афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Саид Гәбаз иҳәеит амедусзуҩцәа рзы ашәарацҵақәа Агәабзиарахьчара аминистрра ишышьақәнаргыло. Иароуп Афинансқәа рминистррахь аԥаразоужьразы азыҳәа ҟазҵо.

Специалисты Министерства Просвещения и языковой политики в - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2021
Аԥсны аҵара аминистрра Галтәи ашколқәа рҟны аинспекциа мҩаԥнагеит

"Ажьырныҳәеи жәабрани рзы аԥарақәа шәоуп. Хәажәкыразы аминистрраҟынтә аинформациа ҳмоуцт", - ҳәа иҳәеит иара.

Sputnik аредакциа Агәабзиарахьчара аминистррахь аҭагылазаашьа аилкааразы иҵааит, аха макьаназы хҳәаа амоуцт.

Гал араион ахадара аҵара аҟәша аиҳабы Екатерина Габелиаԥҳа асоциалтә ҳақәа рҿтәи аинформациа мцуп ҳәа ахылҳәааит.

"Арҵаҩцәа ауалафахәы роухьеит. Еиҵахарак ыҟазаргьы, ҩбаҟа мчыбжь роуп, аԥсуа уалафахәи аурыс уалафахәи хаз-хазы иахьроуа аҟынтә. Ҳаҳасабеилыргаҩцәа ари аус адырулон. Убри ауп изыхҟьаз. Ииасыз амчыбжь азы ауалафахәы неит, аха еихша-еихшаны", - ҳәа лҳәеит лара.

Ажәабжьқәа зегьы
0