Амаланыҟәатә марафон "Еверестинг" раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥысит

© Foto / Астамур Мамед-оглыВеломарафон "Эверестинг"
Веломарафон Эверестинг  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥышәарақәа ирылагеит мшаԥы 18 ашьыжь асааҭ 4 рзы, ихыркәшахеит 22 сааҭи 5 минуҭки рышьҭахь.

АҞӘА, мшаԥы 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аклуб "Sport Apsny" алахәыла Асҭамыр Мамед-оӷлы раԥхьаӡа акәна Аԥсны имҩаԥигеит амаланыҟәатә марафон "Еверестинг". Абри атәы иара Sputnik иазеиҭеиҳәеит.

"Амаланыҟәатә марафон "Еверестинг" 22 сааҭи 5 минуҭки имҩаԥысуан. Амарафон анхацҳаркуаз ақәоура иалагеит. Сара дсыцын Саид Аргәын. Иара афатә-ажәтә азы аҭакԥхықәра идын. Аҟәатәи ашьхахь 65-нтә схалан сылбааит. Иааидкыланы атрасса 9 000 метра ҟалеит, аҩаӡара 8 848 метра – Еверест аҟара. Уи ашьха маланыҟәала уахьызхамло азы амаланыҟәарныҟәцаҩцәа абасеиԥш ачеллендж ҟарҵалоит", - иҳәеит иара.

Аҟәатәи ашьхаҟынтә албаара еиҳа иуадаҩуп ахалара аасҭа. Амҩа бааԥсуп иҳәеит иара иагьазгәеиҭеит амарафон азы иагькаршәрам иагьыҿҟьарам амҩа аҭахуп ҳәа.

Посмотреть эту публикацию в Instagram

Публикация от Astamur (@astamur_010)

Аспортсмен имарафон хациркит анаркологиатә диспансер аҟынтә, дхалон Аҟәатәи ашьха анаԥшааԥшратә ҭыԥ аҟынӡа.

""Еверестинг" Аԥсны раԥхьаӡа акәны имҩаԥган. Ари психологиалагьы махашьахалагьы иуадаҩу усуп", - ҳәа иҳәеит иара.

"Еверестинг" аԥҟарақәа рыла, амассажҟаҵараз, акрыфараз, акрыжәраз уаангылар ҟалоит, аха амаланыҟәарныҟәцаҩ уи заҟа аамҭа маҷны иақәирӡуа аихшьалаамҭа ианыԥшуеит.

Ачеллендж амҩаԥгара аамҭа ҭанаҩуеит асистема GPS ала еиқәыршәоу асааҭ ҳәа иҳәоит Мамед-оӷлы.

© Foto / Астамур Мамед-оглыАчеллендж амҩаԥгара аамҭа ҭазыҩуа асистема GPS ала еиқәыршәоу асааҭ
Амаланыҟәатә марафон Еверестинг раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥысит - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2021
Ачеллендж амҩаԥгара аамҭа ҭазыҩуа асистема GPS ала еиқәыршәоу асааҭ

"Психологиала даара иуадаҩуп, аха сҩызцәа адгылара сырҭон. "Еверестинг" аӡәы ихала изымҩаԥгом, иҟазароуп "аҽыхацәа". Сара аҭелҵәҟьа сымамызт, укапан заҟа иузеиҵатәуа бзиоуп, 50-100 граммкгьы аҵакы рымоуп. Сҩызцәа сыфатә, сыжәтә иаҵан", - ҳәа иҳәеит иара.

Амарафон мҩаԥысуанаҵы Асҭамыр Мамед-оӷлы техникатә проблемак имоуӡеит.

"Иҟоуп асаит, Австралиа амаланыҟәарныҟәцаҩцәа рыклуб хылаԥшра азҭо, уа иркьыԥхьуеит ари адистанциа иахысыз аеверестерцәа зегьы рыӡбахә. Урҭ улҵшәақәа рзушьҭуеит, зегь иашаны иҟаҵазар, ахьӡ-аԥша азал ахь уанырҵоит. Изныкымкәа сыҽрымаздахьеит. Амарафон сзымҩаԥгар, Аԥсны – Аҟәа ҳәа сҭарҩырц, Қырҭтәыла-Сухуми ҳәа акәымкәа. Дара уи иақәшаҳаҭхеит", - ҳәа иҳәеит аспортсмен.

Асҭамыр Мамед-оӷлы Австралиаҟа илҵшәақәа ишьҭит. Амарафон қәҿиарала ишымҩаԥигаз азы аинформациа асаит аҿы ицәырҵхьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0