Аиааира Ду аламҭалаз акциа "Агәалашәара абаҳча" мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik / Сария КварацхелияЛопата
Лопата - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2021
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира Амш иазку агәалашәаратә акциа "Агәалашәара абаҳча" Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа имҩаԥысуеижьҭеи ҩынтәуп.

АҞӘА, мшаԥы 24 - Sputnik, Бадри Есиава. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира Амш иазку акциа "Агәалашәара абаҳча" мҩаԥысит аҟәатәи абжьаратә школ №14 аҿы асабша, мшаԥы 24, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество аусзуҩ Евгени Павлов.

Посадка дерева  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.04.2020
Аԥсны акциа "Агәалашәара абаҳча" иадгылоит

"Аԥсны ари акциа ҩынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи. Иахьатәи амш азы аҵлақәа реиҭаҳара маҷк аамҭа иахыԥахьеит азы, АбНИЛОС адиректор Витали Леиба иаҳа ианаалоз аиҭаҳатәқәа ҳзалиԥшааит - руак ачамҳа ауп, уи хәба-хәба ҳәа аҵара зҵо аӡӷабцәа еиҭарҳаит, егьырҭ зегьы "ногоплодник" (агәырбӷьыҵлахкқәа - аред.) ҳәа изышьҭоу роуп. Аиҭаҳара иалахәын актәи аклассаагьы, иара убас акаратистцәа, Урыстәыла аицџьынџьуаа реиҿкаарақәа ркоординациатә хеилак", - ҳәа иҳәеит иара.

Павлов иаҵшьны ишазгәеиҭаз ала, арҭ рҩызцәа акциақәа еиҵагыло аҿар рзы хәарҭара шрылоу, урҭ ирыларааӡоит аԥсабаразы аҭакԥхықәра, уи аиҷаҳара, иара убас зыхьӡала еиҭаҳау аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара акамыршәра иацхраауеит.

Акция Сад памяти  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.04.2020
Акциа "Агәалашәара абаҳча" Агәӡерагьы имҩаԥыргеит

Акциа "Агәалашәара абаҳча" еиҿкаан Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра, Аҟәа Аҵара аусбарҭа, атәыла Акарате фудокан афедерациа рыбзоурала.

Павлов иажәақәа рыла, асабша мшаԥы 24 рзы иара убас иалагеит акциа "Георги ицаха", урҭ Аҟәа аԥшаҳәаҿы ауаа ирзыршон. Изҭаху зегьы Россотрудничество ахаҭарнакраҿы инеины урҭ ргар рылшоит.

Лаҵара 9 рзы Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа имҩаԥысуеит акциа "Ԥсра зқәым архәҭа", ижәынтәтәиу амаланыҟәатә еиԥхныҩлара, карате азы аицлабрақәа, урҭ рхы рыладырхәраны иҟоу аԥснытәи аспортсменцәа инарываргыланы урыстәылатәиқәагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0