"Акәтаӷь агәы шҭәу еиԥш шәҭәааит": амшаԥышәҭи акәтаӷьи

CC BY-SA 2.0 / Randi Hausken / Амшаҧышәҭ
Амшаҧышәҭ - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.04.2021
Анапаҵаҩра
Аира иасимволу акәтаӷьи амшаԥышәҭи рыла Аҩеиӡтә (Вербное - аред.) мҽышазы аԥсуаа имҩаԥырго Амшаԥныҳәа аламҭалазтәи аҵыхәтәантәи ақьабзқәа дырзааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа лматериал аҟны.

"Аӡырга-хәаша", "Қәаб-ӷьарӷьар", "Баииа", "Чхадыл" - абас еиԥш иҟоу ақьабзқәа рыла ибеиоуп Амшаԥы ааира аҽазыҟаҵара иазку аҵыхәтәантәи амчыбжь. "Шәышықәса рышьҭахьгьы абри еицазгәаҳҭо Анцәа ҳнаишьҭааит!" ҳәа ирныҳәон рхы-рҭаацәа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Абар мызкы инеиҳаны иҵуеит ақьырсиантә динхаҵара ныҟәызго ауааҧсыра зегьы Амшаҧныҳәа рҽазыҟарҵоижьҭеи. Имҩаҧыргоит уи иадҳәалоу еиуеиҧшым ақьабзқәа. Аҵыхәтәантәи ақьабзқәа иреиуоуп: Аӡырга-хәаша, Қәаб-ӷьарӷьар, Баииа, Чхадыл (Чачхадыл). Дара урҭ рҟынтәигьы аҧхьатәи ҩба (Аӡырга-хәашеи Қәаб-ӷьарӷьари) жәлар рытрадициаҟны иӡхьеит, аха урҭ ирызку анҵамҭақәа еиқәханы иҟоуп.

Николаи Џьанашьиа иетнографиатә нҵамҭақәа рҟны ишарбоу ала, Аӡырга-хәаша ҳәа изышьҭоу амш азы имҩаҧыргон "ашьапҿаҳәара" ҳәа иҟаз ақьабз. Аҭаацәа заа уаххьа ыфаны инышьҭалон. Ианыцәоз рарӷьа шьапы ахыза ицәыҵганы иион. Аҧшәмаҧҳәыс днеины арымӡ аҿы аҟәардә наргыланы, аласа ахахара дналагон. Нас уи аласа илхахаз ала аҭаацәа ахьыцәаз днеины рарӷьа шьапқәа ҿалҳәон абас еиҧш иҟаз ажәақәа ҳәо: "Шәышықәса рышьҭахьгьы абри амш еицазгәаҳҭо Анцәа ҳнаишьҭааит!" ҳәа. Уи арахәыц ашьҭахь ирбылуан Амшаҧы аҽны. Аҵарауаҩ ишазгәеиҭо ала, ари анымҩаҧыргоз Баииа аламҭалазы ахашаҽны акәын, аха жәытәла хәашазар ҟаларын ҳәа иааирҧшуеит.

Ари ақьабз дшаалгалак (Аӡырга-хәаша адырҩаҽны), "Ҳара ҳаиааит, ҳара ҳаиааит!" ҳәа абҩатәы қәабқәа рыҵақәа дрысуа адәы днықәлон, "Шәысҟаҭәеит!" ҳәа лгәылацәа рахь лхы нарханы. Ари амш зегьы гәырӷьа-ччарала ирхыргон, ацуҭақәа наҟ-ааҟ еисон, еицлабуан.

Абыста  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2021
Шәыла-бысҭала: Амшаԥы ааира аҽазыҟаҵара иазку аишәаргылара

Амшаҧы аламҭалазтәи аҵыхәтәантәи амҽыша аҧсуаа (аиҳарак абжьыуаа) баииа иамшуп ҳәа иршьоит. Баииа – ари ааҧынразы ицәырҵуа ашәҭ ҩежь хәыҷқәа роуп. Уажәааны урҭ рыла адәқәа зегьы хҟьоуп. Ашьыжь аҧшәмаҧҳәыс дҩагыланы абарҭ ашәҭ ҩежьқәа ҟәшәаны, аҩнаргәы, ахәышҭаара иакәыршаны икалыҧсоит. Насгьы кәтаӷьк урҭ ашәҭқәа рҟны инышьҭаҵаны хынтә ахәышҭаара иакәлыршоит.

Тҟәарчал ақалақь инхо Нуну Лакашьиа-Дарсалиа есышықәсеиҧш сынтәагьы лышьыжь ари амш азы иалагоит абас:

"Ашьыжьымҭан сҩагылоит, сыҩнқәа ааҧхьаҧссаны, еилырганы, ашәҭ ҩежьқәа аазгоит, баииа ҳәа изышьҭоу. Ахәышҭаараҿы баииа кауҧсоит, ахрыӷгьы ақәурҳәҳәоит, акәтаӷь ыркәымпылны иакәуршоит: ауаџьаҟ змоу, ауаџьаҟ ахи-аҵыхәеи иакәиршоит, ауаџьаҟ змам – акәакьқәа зегьы еимданы иҟаиҵоит. "Абри акәтаӷь агәы шҭәу еиҧш ҳҭәы-ҳаҧха ҳҟало, иаҳфо, иаҳжәуа ҳагымкәа" ҳәа уныҳәаны иакәуршоит", - ҳәа ҳзеиҭалҳәеит.

Нас аҧшәмаҧҳәыс уи акәтаӷь адырга аҭаны иҟалҵоит. Анкьа арацәала иҟарҵон, уажәы акарандашь ала, аџьар асахьа анҵаны егьырҭ акәтаӷьқәа ирылалҵоит, нас урҭ Мшаԥы иаԥхьанеиуа ахәаша аухаз илшәуеит. Иара ахрыӷ зну инанҵаны, наҟ илҵәахуеит.

© Фото : Есма ҬодуаԥҳаНуну Лакашьиа-Дарсалиа
Акәтаӷь агәы шҭәу еиԥш шәҭәааит: амшаԥышәҭи акәтаӷьи - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.04.2021
Нуну Лакашьиа-Дарсалиа

Ирҳәоит абас еиҧш ала ақьабз аҿы ахархәара змаз акәтаӷь зегь раасҭа иӷәӷәахоит ҳәа, уи зкызаауа егьырҭ зегьы дыриааиуеит, акәтаӷьқәа реинҟьараан. Аҧшәмаҧҳәыс ишҳалҳәаз ала, ари акәтаӷь здыркуа аҧшәма аиҳабы иоуп. Аха даҽа шьоукы изларҳәо ала, уи аҩнаҭа аиҵыбӡа идыркуеит.

Иазгәаҭатәуп, аҧсуаа ҳҟны адагьы, егьырҭ ажәларқәа рҟынгьы акәтаӷь акыр ақьабзқәа рҟны ахархәара шамоу аира, аҿиара, аҧсҭазаара ҿыц асимволра азызуа атрибутк аҳасабала. Адунеитә мифологиаҿы уи аарҧшуп адунеи згәылҵуа кәтаӷьны. Адунеитә кәтаӷь хьтәуп ҳәа иҧхьаӡоуп, уи иагәылҵуеит амра. Афинцәа репос "Калевала" аҟны акәтаӷь хыхьтәи ахәҭа иалҵит ажәҩан ду, ҵаҟатәи ахәҭа – адгьыл цәаакы. Аҵарауаа ишазгәарҭо ала, ааҧынтәи ақьабзқәа рымҩаҧгараан, акәтаӷь аркәымпылра адгьылқәаарыхратә магиа иадҳәалан.

Бигәаа: амшаԥ асимвол хада акәҭаӷь, аизҳара иатәуп>>

Уи анеҩсан, ҳара ҳзыҿцәажәаз Нуну Лакашьиа-Дарсалиа иаҳзеиҭалҳәеит ари амш азы мышшьарак аҳасабала аҩынусқәа ҟауҵар шыҟамло: "Агәыр бымкын, анышә бымкын, аҵәымӷ бымкын", - ҳәа алабжьара сылҭеит хаҭала.

Жәабран 27 инаркны иалагоит ақьырсиан дунеи зегь аҿы Ачгара ду - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.02.2017
Аиеромонах Давид: Ачгара Ду - доуҳатә ааԥынроуп

Аҩеиӡ (верба) ҳәа изышьҭоу аҵла-махәҭа азы ишҳалҳәаз ала, ҳара ҳҟны аҩнқәа ирыҩнаргало иалагеижьҭеи акыр ҵуам.

"Аверба ҳәа анкьа иҟарҵаӡомызт ҳа ҳахь. Убригьы убас аҩны иҩнаргалоит, акы инҭаргыланы иҟауҵоит, ҽаантәи аверба анааиуанӡа ус иқәыргыланы иумоуп. Нас ҽаантәи аверба анааиуа, уҩнқәа анеилурго, идәылганы адәахьы ибылны, аҿыц ааганы инықәургылоит", - ҳәа ҳалҳәеит лара.

Ақьырсиантә тәылақәа зегьы рҟны иазгәарҭоит Аҩеиӡтә мҽыша (Вербное воскресенье), аха Аҧсны ари ажәа ахархәара аманы шамаха иуаҳаӡом. Аҩеиӡ – аҧслыш хкқәа иреиуоу ҵлоуп, ҵиаауп. Ари амш азы абри аҵла-махә аҩнқәа ирыҩнаргалоит аҩны ахьчоит, уи аҧшәмацәа ирхылаҧшуеит ҳәа иҧхьаӡаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0