Афотоеиндаҭлара "Аԥсны афокус аҟны" аҿы иаиааиз рцәыргақәҵа мҩаԥысуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВыставочный зал
Выставочный зал  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2021
Анапаҵаҩра
Аҩбатәи афотоеиндаҭларахь аусумҭақәа рыдкылара иалагеит абҵара 1 азы. Зынӡа 1000 усумҭа нашьҭын.

АҞӘА, мшаԥы 27 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Афотоеиндаҭлара "Абхазия в фокусе" аихшьаалақәа рыла афотосахьақәа рцәыргақәҵа аатуеит Ацәыргақәҵатә зал аҿы лаҵара 4 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аиҿкааҩцәа ируаӡәку, Очамчыра араион ахадара аҿари аспорти рыҟәша аиҳабы Фаина Кондратиева.

Эля Цишба - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.04.2021
Арадио
Афотоҭыхҩы Ҵышәԥҳа аицлабраҟны иалкаахаз лусумҭазы: сгәы ишҭаз аасҭа еиӷьхеит аҭыхраан

Лара лажәақәа рыла ажиури ахәаԥшырц шәиҩажәаҩык рҟынтәи зықь усумҭа нашьҭын. Ацәыргақәҵазы иалкаан 76 фотосахьа аноминациақәа: "Ажәабжьқәа", "Есҽнытәи аԥсҭазаара", "Иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара", "Ҳаамҭазтәи ауаҩы ипортреҭ" рыла.

Аноминациа "Ҳаамҭазтәи ауаҩы ипортреҭ" аҟны аиааира лгеит ажурналист, афотоҭыхыҩ Елиа Ҵышәԥҳа, аноминациа "Ажәабжьқәа" аҿы – афотоҭыхыҩ Ельза Чанԥҳа, аноминациа "Иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара" аҟны ателеканал АбазаТВ аоператор Едуард Ежов, аноминациа "Есҽнытәи аԥсҭазаара" аҟны – авидеооператор Давид Чакобелиа, аноминациа "Амобилтә фотосахьа" аҟны– Анатоли Качалов.

Аиндаҭлара гран-при зауз ихьӡ ацәыргақәҵа аартраан ирылаҳәахоит, ианашьахоит 30 000 мааҭ.

Адгур Гунба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2020
Арадио
Гәынба аицлабра "Аԥсны афокус аҿы" азы: аԥсуаа рыбзазашьа ацәыргара сыгәҭакын

Ажиури иалахәуп: афоторепортиор Павел Волков, афотоҭыхыҩ Сергеи Лидов, арежиссер Инар Нарманиа, афотожурналист Амина Џьонуаԥҳа, франциатәи афотоҭыхыҩ Тьерри Кергроак.

Актәи аиндаҭлара мҩаԥган 2019 шықәсазы.

"Уи аахыс алахәылацәа разыҟаҵара акыр иҳаракхеит, аусумҭақәа акырџьара еиӷьуп. Аиндаҭлара иалахәуп Аԥсны атәылауаа. Урҭ иахьа Аԥсны шырбо ауп иаадырԥшуа", - лҳәеит аидеиа автор.

Кондратиева иазгәалҭеит ацәыргақәҵаҿ иҟоу аусумҭақәа зегьы Очамчыра ақалақь ҳамҭас ишаҭахо.

Аиҿкааҩцәа ирыгәҭакуп Аиааира амш азы "Иахьа зыԥсы ҭоу аветеранцәа" захьӡу ацәыргақәҵа аиҿкаара. Уи азы иаарышьҭхьеит зқьы-усумҭа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0