Аԥсни Урыстәылеи рыруаа 30 баҟа дрыцқьеит

© Foto / пресс - служба ЮВОВоеннослужащие ЮВО и Абхазии облагородили около 30 мемориальных объектов ко Дню Победы
Военнослужащие ЮВО и Абхазии облагородили около 30 мемориальных объектов ко Дню Победы - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.04.2021
Анапаҵаҩра
Аибашьра Ду аҟны аиааира 76-шықәса ахыҵра амш азы Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа ирҿыцу амемориалқәа рымҵаҿ ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит.

АҞӘА, мшаԥы 30 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауааи Аԥсны атәылахьчара аминистрра аруааи Аибашьра Ду аҟны аиааира 76-шықәса ахыҵра амш аламҭалаз 30 баҟа, ԥсыжырҭа, мемориал дрыцқьеит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

"Аԥсни Урыстәылеи рыруаа абаҟақәа, апостаментқәа, афырхацәа рыбиустқәа, иара убасгьы архитектуратә комплексқәа ршәит, идрыцқьеит", - иҳәеит аусбарҭа ахаҭарнак.

Ари аҩыза ауснагӡатә урыстәылатәии аԥснытәии аруаа есышықәса имҩаԥыргоит рыжәларқәа рзеиԥш ҭоурых ахамыршҭразы.

Лаҵара 9 рзы Аибашьра Ду аҟны аиааира 76-шықәса ахыҵра амш азы Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ акомандаҟаҵареи аррамаҵзурауааи идырҿыцыз амемориалқәа рымҵаҿ ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0