Аслан Бжьаниа Амшаԥныҳәа азгәазҭо зегьы дрыдныҳәалеит

© Foto / официальный сайт Президента Абхазии Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2021
Анапаҵаҩра
Ақьырсиан иашахаҵара ныҟәызго ақьырсиануаа иазгәарҭоит Амшаԥныҳәа - Иаса Қьырса Ибзахара.

АҞӘА, лаҵара 2-Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ақьырсиан иашахаҵара ныҟәызго ақьырсианцәеи Амшаԥныҳәа азгәазҭо Аԥсны ауаажәларра зегьи дрыдныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра ахада иофициалтә саит.

"Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Аԥсны иқәынхо аиашахаҵара ныҟәызго ақьырсианцәа! Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Амшаԥныҳәа лаша, Иаса Қьырса Игылара амш! Амшаԥы - иҷыдоу, адинхаҵаҩцәа рыгәқәа бзиабарала, аразрала, гәырӷьарала изырҭәуа ныҳәоуп. Амшаԥныҳәа жәытә-натәаахыс аԥсуаа зегь реиҳа бзиа ирбо, инарҭбааны иазгәарҭо ныҳәоуп. Ари амш аҽны ҩнаҭацыԥхьаӡа аныҳәа еишәа дырхиоит, агәылацәа, аҭынхацәа еиҭанеиааиуеит. Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аҭынчра, ҩнаҭацыԥхьаӡа аизҳазыӷьара. Зегь зымчу дахылаҧшлааит Аԥсынра! Амшаԥы алԥха шәымазааит! Ҽааныбзиала!" - аҳәоит адныҳәалараҿы.

Хәажәкыра 15 инаркны иалагеит ақьырсиан дунеи зегь аҿы Ачгара Ду. Иара 49 мшы иныҟәыргоит. Ачгара хыркәшоуп лаҵарамза 2 рзы.

Пасхальное богослужение в Сухумском кафедральном соборе Благовещения Пресвятой Богородицы - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2021
Аԥснытәи ақьырсианцәа Амшаԥныҳәа лаша азгәарҭоит

Амшаԥныҳәа – ақьырсианцәа рзы ихадоу ныҳәароуп. Уаҟа иаарԥшуп ауаҩытәыҩсатә ҭоурых зегьы шьаҭанкыла изыԥсахыз ахҭыс – Анцәа иԥа, Анцәареи ауаҩреи еицызбаз Иаса Қьырса игылара. Иаса Қьырса Ацқьа Мариа дылхылҵит, аԥсыцқьала диит. Иара адгьыл даҭааит ауаа рыԥсқәа ҿихырц, Адами Евеи иҟарҵаз раԥхьаӡатәи агәнаҳа инаркны ауаа зегьы ирықәырҵаз агәнаҳарақәа рхихырц. Аԥсҿыхра алшахартә иҟалеит Иаса Қьырса харак имамкәа аџьар аҿы данкыдырҵа ашьҭахь: ихахьы игеит адунеи ауааԥсыра зегьы рыгәнаҳарақәа, Иара дхазҵаз, Иуасиаҭқәа ирықәныҟәо ажәа риҭеит жәҩангәашәԥхьара шырзаатуа.

Иаса Қьырса аџьар аҿы икыдҵареи иԥсреи ҟалеит ахәаша, анышә дамадан аиудеиатә қьабзқәа инарықәыршәаны. Хымш рышьҭахь, иҵаҩцәа неит иԥсыбаҩ ахьынрыжьыз ахаҳәтә дамраҿы, аха дрымбеит… Анаҩс, рҿаԥхьа дцәырҵуеит дыбзаханы. Даҽа 40 мшы иара адгьылаҿ дыҟан, Иуахәама аԥызҵаз, ақьырсианра адунеи аларҵәара зҽазызкыз иҵаҩцәа абжьгарақәа рыҭауа.

Ажәабжьқәа зегьы
0