Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат ахԥатәи атур иалагоит лаҵара 4 рзы

© Sputnik / Томас ТхайцукСтадион "Динамо"
Стадион Динамо - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.05.2021
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы Аԥсны XXVIII ачемпионат иалахәуп аа-командак атәыла араионқәа зегь рҟынтәи. Ачемпионат мҩаԥысуеит мшаԥымза инаркны абҵарамзанӡа.

АҞӘА, лаҵара 3 - Sputnik. Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат ахԥатәи атур иалагоит аҩаша лаҵара 4 рзы галтәи "Самырзаҟани" тҟәарчалтәи "Шахтиори" рыхәмаррала ҳәа аанацҳауеит Аԥсны
Ашьапылампыл афедерациа.

Футбол  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2021
Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат аҩбатәи атур арекордтә хыԥхьаӡарала ихыркәшан

Ахаша лаҵара 5 рзы афонтәи астадион аҿы "Афони" аҟәатәи "Динамои" еицыхәмаруеит.

Аԥшьаша лаҵара 6 рзы ачемпионат аҿы раԥхьаӡа акәны ицәырҵыз, макьана кәаталакгьы змоуц цандрыԥшьтәи "Саӡ" иаднакылоит аҟәатәи "Нарҭ".

Ахԥатәи атур хыркәшахоит лаҵара 7 рзы гагратәи "Гагреи" гәдоуҭатәи "Риҵеи" рыхәмаррала. Ахәмаррақәа зегьы ирылагоит асааҭ 17:00 рзы.

Ашьапылампыл азы Аԥсны XXVIII ачемпионат иалахәуп аа-командак: цандрыԥшьтәи "Саӡ", "Гагра", "Афон", гәдоуҭатәи "Риҵа", аҟәатәи акомандақәа "Динамо", "Нарҭ", галтәи "Самырзаҟани", тҟәарчалтәи "Шахтиор".

Ачемпионат мҩаԥыслоит мшаԥы 20 инаркны абҵарамзанӡа, рашәарамза азбжанӡа актәи аикәшара еилгоит, анаҩс аԥхынразы ахәмаррақәа ҟалаӡом, цәыббрамзанӡа аҩбатәи аикәшара иалагоит, анаҩс ахԥатәи.

Ажәабжьқәа зегьы
0