Аслан Бжьаниа Аԥсны Афырхаҵа Сергеи Дбар ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭеиҵеит

© Foto / пресс-служба Президента Абхазии Аслан Бжания возложил цветы к могиле легендарного полководца, Героя Абхазии Сергея Платоновича Дбар
Аслан Бжания возложил цветы к могиле легендарного полководца, Героя Абхазии Сергея Платоновича Дбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант, Ахьӡ-аԥша I аҩаӡара занашьоу Сергеи Дбар иԥсы ҭаны дыҟазҭгьы лаҵара 2 рзы 75 шықәса ихыҵуазаарын. Аԥсны имҩаԥысуеит ар рԥыза игәалашәара иазку усмҩаԥгатәқәа.

АҞӘА, лаҵара 4 - Sputnik. Атәыла Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант, Ахьӡ-аԥша I аҩаӡара занашьоу Сергеи Дбар имшира аҽны ибаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара ацеремониа далахәын.

Сергеи Дбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2021
"17-тәи", мамзаргьы "Аду": Аԥсны Афырхаҵа Сергеи Дбар игәалашәаразы

1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭа акомандаҟаҵаҩыс иҟаз, Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант Сергеи Дбар диит лаҵарамза 2, 1946 шықәсазы Мгәыӡырхәа ақыҭан. Лаҵара 4 аҽны Аԥсны имҩаԥысуеит ар рԥыза игәалашәара иазку аусмҩаԥгатәқәа.

Сергеи Дбар ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит иара убас Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гунба, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьапуа, Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа, Аиҳабыра алахәцәа, ауаажәларра ахаҭарнакцәа, ақалақьқәеи араионқәеи реиҳабцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0