Ромеои Џьульеттеи: Аацытәи сафари-парк аҿы амахҽ хәыҷқәа ҩба рааӡоит

© Foto / Нина АрутюнянВерблюд
Верблюд  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2021
Анапаҵаҩра
"Праид" аҿы иахьа алым дуқәа аабеи алым хәыҷқәа хԥеи ыҟоуп. Иара убасгьы ара ирааӡоит 60 уаса.

АҞӘА, лаҵара 5– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Амахҽ хәыҷқәа ҩба Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭантәи сафари-парк "Праид" аҿы инхоит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит апарк администратор Нина Арутиуниан.

"Хара имгакәа Урыстәыла аԥстәқәа ацирк ахь рнеира азин ҟалом, убри азы Владикавказтәи ҳҩызцәа иҳадыргалеит амахҽқәа ҩба", - лҳәеит лара.

© Foto / Нина АрутюнянРомеои Џьульеттеи: Аацытәи сафари-парк аҿы амахҽ хәыҷқәа ҩба рааӡоит
Ромеои Џьульеттеи: Аацытәи сафари-парк аҿы амахҽ хәыҷқәа ҩба рааӡоит - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2021
Ромеои Џьульеттеи: Аацытәи сафари-парк аҿы амахҽ хәыҷқәа ҩба рааӡоит

Дара макьана имаҷуп, шықәсыки бжаки роуп ирхыҵуа, Ромеои Џьульеттеи ҳәа хьӡыс ирыҭоуп.

"Аҳаскьын, аҭәа, ауҭраҭых, ашәыр, ача рфоит. Ҩнтәы ԥстәқәоуп.  Дара уажәы рхәыжә рыԥсахуеит, ирыгушәа иубоит", - лҳәоит Нина Арутиуниан.

Амахҽқәа ҩымчыбжь раԥхьа иааргеит. Дара уажәы аволиерқәа рҿы ауасақәа ирыцҭакуп ҳәа лҳәеит сафари-парк администратор.

Sputnik аинтервиу аҭо сафари-парк "Праид" ашьаҭаркыҩ Олег Кононов иҳәеит апроект Аԥсны еиҿкаауп зыԥшәмацәа мап зцәыркыз аԥстәқәа  рыдкыларази ацирк аҿы ирзымбжьаз рзи.

Ажәабжьқәа зегьы
0