Абанк иақәлан идырҳәит ҳәа иаанкылоу рырбаандаҩра аҿҳәара иацҵоуп

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРассмотрение ходатайства следствия об аресте А. Величко в Черемушкинском суде
Рассмотрение ходатайства следствия об аресте А. Величко в Черемушкинском суде - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2021
Анапаҵаҩра
"Амра-Банк" аҟәатәи аофисцҵа асабрадақәа рҿаҵаны, абџьар ахархәарала идырҳәит хәажәкыра 10 асааҭ 12:20 рзы.

АҞӘА, лаҵара 5 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа рырбаандаҩра аҿҳәара иацырҵеит: Алиас Ҵнариа, Асҭамур Быҭәба, Алхас Кәыҵниа, Валериан Еиупов, Вадим Возба. Абри атәы аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.

Ограбление Амра банка - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.03.2021
"Амра-банк" аофисцҵа дақәлеит ҳәа агәҩара ззыҟоу аӡә даанкылоуп

Ҵнариа ахара ихарарҵоит закәаншьаҭада анаркотикатә маҭәашьарқәа, аԥсихотроптә маҭәашьарқәа, урҭ раналогқәа закәаншьаҭада раахәара, рыҵәахра, рыҟаҵара, аусеиҭарыдуыларази уаанӡатәи еилацәажәарыла ауаа алархәны абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭада раахәара, рыҭара, рыҭира, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгарази, амазара ампыҵахалараз қәыларыла арҳәрази.

Возба ахара ихарарҵоит уаанӡатәи еилацәажәарыла ауаа алархәны абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭада раахәара, рыҭара, рыҭира, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгарази, амазара ампыҵахалараз қәыларыла арҳәрази.

Быҭәба, Кәыҵниа, Еиупов румҭа уаанӡатәи еилацәажәарыла ауаа алархәны абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭада раахәара, рыҭара, рыҭира, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгарази, амазара ампыҵахалараз қәыларыла арҳәрази рыхәҭаҷ иаҵанакуеит.

Ҵнариа, Кәыҵниа, быҭәба, Еиупов рырбаандаҩра аҿҳәара иацҵоуп аҽа ԥшьымз. Зынӡа хәымзи 27 мши – 2021 шықәса цәыббра 10 рҟынӡа.

Аӡбарҭа заанаҵтәи аусҭҵаара аусбарҭа мап ацәнакит Вадим Возба ибаандаҩра аҿҳәара ацҵаразы. Иара аҩнытә рбаандаҩра даҵаркуп ҩымз ҳәа – 2021 шықәса ԥхынгәы 3 рҟынӡа.

Сбербанк Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.08.2020
Аҵәахырҭатә банк аҿы иҟаз аӷьычразы аусҭҵаара аӡбарҭахь ирыҭоуп

"Амра-Банк" аҟәатәи аофисцҵа дырҳәит хәажәкыра 10 асааҭ 12:20 рзы. Ԥшьҩык ауаа асабрадақәа рҿаҵаны абанк иҩналеит. 1 021 156 мааҭ аԥара дәылыргеит.

Абанк ахьчаҩи ақәылацәеи рыбжьара аиҿахысра ҟалеит, убри аан ацәгьоуцәа автомашьына "Ford Galaxy" ала ибналеит. Аамҭақәак рышьҭахь амашьына амца аркын Арратә мҩаҿы.

Абри ахҭыс аганахьала Аҟәа ақалақь ААР хәажәкыра 10 рзы аусҭҵаара хацнаркит Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 159 ахәҭа 4 апункт "б" (акыр идуу амазара ахатәтәра хықәкыс иҟаҵаны ақәылара), ахәҭаҷ 217 ахәҭа 2 (абџьари аџьаԥҳани изакәанымкәа раахәара, аӡәы иҭара, аҭира, аҵәахра, амҩангара ма аныҟәгара, гәыԥҩык ауаа заанаҵ еибыҳәаны иҟарҵаз ацәгьоуразы) инарықәыршәаны.

Зыӡбахә ҳәоу ахаҿқәа ахара рхароуп ҳәа ишьахоит азинмч зауа азыӡба анрыларҳәалак ашьҭахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0