Аԥснытәи аусбарҭақәа акурорттә сезон ишазыхиоу азы аҳасабырба ҟарҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРасширенное заседание по вопросу подготовки к курортному сезону
Расширенное заседание по вопросу подготовки к курортному сезону - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.05.2021
Анапаҵаҩра
2021 шықәсазы Аԥсны миллионки бжаки рҟынӡа аԥсшьаҩцәа ирзыԥшуп. Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысраан Урыстәыла атәылауаа ПЦР-анализқәа COVID-19 азы иарҭом.

АҞӘА, лаҵара 7 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аминистрцәа реилазаараҿы лаҵара 7 рзы имҩаԥыргеит акурорттә сезон азыхиаразы инарҭбаау аилацәажәара.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аилатәара аартуа иазгәеиҭеит Аԥсны атуристцәа хыԥхьаӡара рацәала ишырзыԥшу, иҳәеит ԥсшьара иаҳзаауа ауаа даҽазныкгьы арахь рхы дырхартә аҭагылазаашьақәа шырзаԥҵатәу.

Администрация гагры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.05.2021
Аусутә форум "VISIT APSNY" Гагра имҩаԥысраны иҟоуп

Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба иажәақәа рыла, 2020 шықәса нанҳәа 1 аахыс ареспублика ишаҭаахьоу 600 нызқьҩык иреиҵамкәа атуристцәа. 2019 шықәса аҩнуҵҟа Аԥсны иаҭааит 1,1 миллионҩык.

Атурист-екскурсиатә обиектқәа: Риҵатәи амилаҭтә парк, Афонҿыцтәи аҳаԥы уҳәа реиԥш иҟоу аобиектқәа рахь атуристцәа рнеира адинамика иаҿырԥшны 2021 шықәса лаҵарамзатәи аныҳәамшқәа рзы 20 000-ҩык рҟынӡа атуристцәа раара иазыԥшуп. Ари 2019 шықәса абри аамҭа аҿырԥшрала 50 процент еиҳауп иҳәеит аминистр. Иара иҳәеит 2021 шықәса лаҵара 1-5 рзы Риҵатәи апарк 10 373-ҩык аҭааит, Афонтәи аҳаԥы – 8 254-ҩык ҳәа.

Аминистр иажәақәа рыла Аԥсны аус руеит асасцәа ахьрыдыркыло 450 ҭыԥ. Асанатортәи асасааирҭатәи обиектқәа лаҵарамзатәи аныҳәамшқәа рзы 80 процент иҭәын.

Российские туристы эвакуированы из Черногории в связи с коронавирусом - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.04.2021
"Иаку абилеҭ" ала Аԥсныҟа аара хацыркхоит

"2020 шықәсазтәи ахәԥсақәа роуп иҟоу. Иацлазаргьы, 10 процентк еиҳам", - ҳәа иҳәеит иара.

Хышба иара убасгьы иҳәеит акурорт-бальнеологиатә хырхарҭа арҿиара ргәы ишҭоу.

"Иахьазгьы иҟоуп асанатор-бальнеологиатә ҟазшьа змоу амаҵзурақәа удызгало аобиектқәа. Гагра абальнеохәышәтәырҭа аремонт иаҿуп. Ари акрызҵазкуа обиектуп, араион акурорттә усхк аҿиара анаҭоит", - ҳәа иҳәеит иара.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар иазгәеиҭеит аԥсшьаҩцәа рганахьала ацәгьоурақәа мҩаԥызго иаарласны ишахьырхәлахо. Аԥсны ААР ареидқәа хацдыркхьеит. Акурорттә зона аобиектқәа зегьы аҭыԥантәи аҵакыратә милициатә ҟәшақәа ахылаԥшра рырҭалоит.

Ахада иҳәеит 2019 шықәса иаҿырԥшны ацәгьоура ҩынтәны иеиҵатәтәуп ҳәа.

Дмитрий Дбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.05.2021
Гагра атуристцәа ршәарҭадара аиҿкаара аплан Аԥсны ААР аминистр идгалоуп

Аслан Бжьаниа иара убасгьы анапынҵа ҟаиҵеит атуристтә обиектқәа рҿы зхаҭабзиара лаҟәу аалыҵ зҭиуа рганахьала аҭакԥхықәра ҳаракызарц.

COVID-19 инадҳәаланы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа, агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа иажәақәа рыла, лаҵара 7 азтәи адыррақәа рыла абас иҟоуп: Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 49-ҩык, урҭ рахьтә 43-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 17-ҩык, ибжьаратәуп - 27-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 37-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 13-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 21-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хәҩык апациентцәа.

Ҵахнакьиа иазгәеиҭеит ауааԥсыра алаҵа рзыҟаҵара хымз иреиҳамкәа ишаго. Алаҵа фымз рҟынӡоуп ҿҳәарас иамоу.

Ҭамаз Ҵахнакьиа иҳәеит атәылаҿ аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахылаԥшра ауҭартә ишыҟоу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0