Аҵарауаҩ, аполитик, аԥсуаа рзинқәа рзықәԥаҩ: Иури Воронов 80 шықәса ихыҵуазаарын

© Foto / из архива Светланы ВороновойЮрий Воронов во время археологических раскопок.
Юрий Воронов во время археологических раскопок. - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2021
Анапаҵаҩра
Иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аполитикатә усзуҩ, аԥсуаа рзинқәа рзықәԥаҩ Иури Воронов диит 1941 шықәса, лаҵарамза 8 рзы. Иахьа иара иԥсы ҭазҭгьы, 80 шықәса ихыҵуан.

Еицырдыруа археолог, кавказҭҵааҩы, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы, аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара занашьоу Иури Николаи-иԥа Воронов диит Ҵабал ақыҭан, Вороноваа ргәараҭа "Иасочка" аҟны. 

Усадьба Ясочка - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.12.2020
Вороноваа р-"Ясочка": аҭоурых ду змоу аҩнра

Sputnik

Аҵарауаҩ Иури Воронов датәуп ижәытәӡоу аурыс ҭауад жәла, хылҵшьҭрала литватәи аҭауад Дмитри Боброк-Вороновски иҟынтә иаауа. Дара рыжәла иатәыз ауа ааигәак Иван Грозныи иаҳҭынраҿы аныҳәатә еишәақәа еиҿызкаауаз иакәын. 1863 шықәсазы Воронов иабду иаб – Николаи Илиа-иԥа Воронов Герцени егьырҭ ареволиуционерцәеи дахьрыдҳәалаз иахырҟьаны Кавказҟа дахыргоит. 1874 шықәсазы "Кавкази уа иқәынхо ажәларқәеи рыхьӡала илшаз азы" Николаи Илиа-иԥа иҭан ижәытәӡоу аԥсуа қыҭа Ҵабал иахьаҵанакуаз 463 десҭын адгьыл. Убас иҟоуп Вороноваа рыжәла Аԥсны ишықәнагалаз аҭоурых.

"Иури Воронов XIX ашәышықәса аахыс Аԥсны ԥсадгьылны иззыҟаз аҭаацәара дрылҵит. Иури Николаи-иԥа Аԥсны аҭоурых аҭҵаара илшамҭақәа рацәаӡаны иадын. Ашкол данҭаз инаркны иҭиҵаауа далагахьан Ҵабалтәи абаашқәа. Мрагылараҭҵаара аинститут аҿы аегиптолог изанааҭ шиоузгьы, Аԥсныҟа дхынҳәны дызҿыз аус иациҵо далагеит. Иԥсадгьыл абзиабара аԥыжәара аиҭеит", - иҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ Сослан Салаҟаиа.

© FotoИналукааша аԥсуа ҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аполитикатә усзуҩ, аԥсуаа рзинқәа рзықәԥаҩ Иури Воронов
Аҵарауаҩ, аполитик, аԥсуаа рзинқәа рзықәԥаҩ: Иури Воронов 80 шықәса ихыҵуазаарын - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2021
Иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аполитикатә усзуҩ, аԥсуаа рзинқәа рзықәԥаҩ Иури Воронов

Иури Воронов иеихьӡарақәа рҟынтә реиҳа акрызҵазкуа ируакуп "Аԥсны археологаитә хсаала", уи аԥсуа археологцәа зегьы рзы иахьагьы ихадоу шәҟәны иаанхоит, иҳәоит Салаҟаиа.

Иури Воронов дыԥхьаӡоуп ижәытәӡоу аԥсуа хылҵшьҭра – аԥсилааи, Аԥсилиеи рыҭҵаараҿы иреиҳаӡоу специалистс. Ҵабал имҩаԥыгоз археологиатә ԥшаарақәа – Ҵабалтәи аекспедициақәа ҳәа хьӡыс ироуит.

© Foto / из архива Светланы ВороновойИналукааша аԥсуа ҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аполитикатә усзуҩ, аԥсуаа рзинқәа рзықәԥаҩ Иури Воронов
Аҵарауаҩ, аполитик, аԥсуаа рзинқәа рзықәԥаҩ: Иури Воронов 80 шықәса ихыҵуазаарын - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2021
Иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аполитикатә усзуҩ, аԥсуаа рзинқәа рзықәԥаҩ Иури Воронов

"Иара раԥхьатәи археологцәа, аҭҵаарадырра адокторцәа дреиуан. Егры нырцәтәи аҵарауаа рацәак бзиа дырбомызт. Избанзар иусумҭақәа рыла иаҿаԥиҽуан ртеориақәа, Аԥсны иҟоу аҭоурыхтә баҟақәа аԥсуаа ишыртәыз шьақәирӷәӷәон", - иҳәеит Салаҟаиа.

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Алик Габелиа иҳәеит аҵарауаҩ иареи шеибадырыз археологиа инапы аналикыз аамҭазы, усҟан Иури Воронов аус иуан Ҵабал.

© Foto / из архива Светланы ВороновойИналукааша аԥсуа ҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аполитикатә усзуҩ, аԥсуаа рзинқәа рзықәԥаҩ Иури Воронов
Аҵарауаҩ, аполитик, аԥсуаа рзинқәа рзықәԥаҩ: Иури Воронов 80 шықәса ихыҵуазаарын - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2021
Иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аполитикатә усзуҩ, аԥсуаа рзинқәа рзықәԥаҩ Иури Воронов

"Иури Воронов иоуп Аԥсуа ҭӡы раԥхьаӡа, ашәага аашьҭыхны, шьапыла мацара иахысыз. Уаанӡагьы аӡбахә рацәан ари аҭӡы аҭҵаараҿы, аха уҳәан-сҳәан ҳәа акәын ишыҟаз, иара иҭиҵааит еиуеиԥшым абаашқәа, иахьагьы иаҿуп аҭҵаара. Иара иҟамзаара ҳара ҳусура ианыԥшуеит, иара еиԥш иҟоу аҵарауаа есышықәса ииуам. Иара раԥхьа инаргылан дҵарауаҩын, дархеологын.Иара дзыԥхьоз алекциақәа даара иҵаулан, дара ирзыӡырҩуаз иахьагьы иаҳгәалашоит. Воронов иҭахара ӷәӷәала ианырит Аԥсны, аԥсуаҭҵаара", - азгәеиҭеит Габелиа.

Археолог Шандор Ҟаитан иҳәеит аҿарацәа рзы Воронов иусумҭақәа акы ишаламҩашьо.

"Иури Воронов иусумҭақәа еснагь актуалра рымоуп. Ҳара аҿарацәа иусумҭақәа ҳанрыԥхьо иаабоит, уи аҭҵаарақәа раан акгьы шацимҵоз, насгьы ишагимырхоз. Иҟоу шыҟоу иаартны иҳәон. Сара кавказҭҵаараҿы злагала еиҳа еиҳада ҳәа усазҵаар, иаразнак иара ихьӡ ауп схаҿы иааиуа", - еиҭеиҳәеит Ҟаитан.

Воронов аҵыхәтәантәи ишықәсқәа иузаҟәымҭҳо ирыдҳәалоуп Аԥсны имҩаԥысуаз ауаажәларра-политикатә хҭысқәа. Иара Аԥсны амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара агәҭаҵәҟьа иалагылаз дреиуан.

"Аибашьра аԥхьатәи, аибашьра аамҭазтәи, ашьҭахьтәи аамҭақәа раан Воронов Владислав Григори-иԥа Арӡынба иарӷьажәҩан ивагылаз дреиуан. Урыс милаҭуаҩык иаҳасабала аҳәаанырцәуаа иажәа еиҳа агәра ргон", - иҳәеит Сослан Салаҟаиа.

© Foto / Официальный сайт Первого Президента Республики АбхазияАԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбеи аԥсуаҭҵааратә институт аҵарауааи
Аҵарауаҩ, аполитик, аԥсуаа рзинқәа рзықәԥаҩ: Иури Воронов 80 шықәса ихыҵуазаарын - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2021
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбеи аԥсуаҭҵааратә институт аҵарауааи

Археолог, кавказҭҵааҩ Иури Воронов диит лаҵарамза 8 1941 шықәса рзы Ҵабал. 1991 иара депутатс далхын Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахь. Хәажәкырамза 1992 шықәса инаркны ԥхынҷкәын 1993 шықәсанӡа иара Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет аҿы ауаҩы изинқәеи жәларбжьартәи аизыҟазаашьақәеи рзы акомиссиа деиҳабын. 1993 шықәса рзы Аԥсны Аминистрцәа Рсовет ахада ихаҭыԥуаҩыс далхын, 1995 аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс.

Иури Воронов дравторуп – 800 инареиҳаны аҭҵаарадырратәи апублицистикатәи статиақәа, уахь иаҵанакуеит 30 монографиа. Иҟоуп макьана икьыԥхьым аҵарауаҩ иусумҭақәагьы.

© Sputnik / Юрий Абрамочкин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИналукааша аԥсуа ҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аполитикатә усзуҩ, аԥсуаа рзинқәа рзықәԥаҩ Иури Воронов
Аҵарауаҩ, аполитик, аԥсуаа рзинқәа рзықәԥаҩ: Иури Воронов 80 шықәса ихыҵуазаарын - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2021
Иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аполитикатә усзуҩ, аԥсуаа рзинқәа рзықәԥаҩ Иури Воронов

1995 шықәса, цәыббра 11 рзы Иури Николаи-иԥа Воронов итаацәеи иареи ахьынхоз Аҟәатәи иҩны аҿаԥхьа дшьын. Ацәгьоура назыгӡази, уи азы адҵа ҟазҵази зусҭцәоу иахьа уажәраанӡагьы ишьақәыргылам. Анышә дамардеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи ааигәара. Аҳҭнықалақь амҩадуқәа руаки ахԥатәи абжьаратә школи ихьӡ рхыуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0