Аҟәа Иури Воронов анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит

© Foto / официальный портал города Сухум Иури Воронов имш иира аҽны анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит
Иури Воронов имш иира аҽны анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2021
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа археолог, кавказҭҵааҩы, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы, аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара занашьоу Иури Воронов диит 1941 шықәса, лаҵарамза 8 рзы. Иахьа Аԥсны иазгәарҭоит аҵарауаҩ 80 шықәса ихыҵра.

АҞӘА, мшаԥы 8 – Sputnik. Иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ, аполитикатә усзуҩ Иури Воронов имш иира аҽны анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны анапхгара, аҵарауаа, ауаажәларратә еилазаара рхаҭарнакцәа, имҩаԥган агәаларшәаратә митинг.

Иури Воронов анышә дамадоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи ааигәара. Иахьа уаҟа еиҿкаан Воронов ирҿиаратә мҩа аазырԥшуаз афотоцәыргақәҵа.

© Foto / официальный портал города Сухум 80-летие со дня рождения известного ученого, политика и общественного деятеля Юрия Воронова.
Иури Воронов имш иира аҽны анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит  - Sputnik Аҧсны
1/3
Иури Воронов имш иира аҽны анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит
© Sputnik / Томас ТхайцукВозложение цветов к могиле Юрия Воронова
Иури Воронов имш иира аҽны анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит - Sputnik Аҧсны
2/3
Иури Воронов имш иира аҽны анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит
© Foto / официальный портал города Сухум 80-летие со дня рождения известного ученого, политика и общественного деятеля Юрия Воронова.
Иури Воронов имш иира аҽны анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит  - Sputnik Аҧсны
3/3
Иури Воронов имш иира аҽны анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит
1/3
Иури Воронов имш иира аҽны анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит
2/3
Иури Воронов имш иира аҽны анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит
3/3
Иури Воронов имш иира аҽны анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит

Иури Воронов ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит иара убас Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гунба, Аԥсны Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа, Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба,  Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин, аҵарауаа, астудентцәа, ашколхәыҷқәа.

Археолог, кавказҭҵааҩ Иури Воронов диит лаҵарамза 8 1941 шықәса рзы Ҵабал, Вороноваа ргәараҭа "Иасочка" аҟны. 

Юрий Воронов во время археологических раскопок. - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2021
Аҵарауаҩ, аполитик, аԥсуаа рзинқәа рзықәԥаҩ: Иури Воронов 80 шықәса ихыҵуазаарын

1991 иара депутатс далхын Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахь. Хәажәкырамза 1992 шықәса инаркны ԥхынҷкәын 1993 шықәсанӡа иара Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет аҿы ауаҩы изинқәеи жәларбжьартәи аизыҟазаашьақәеи рзы акомиссиа деиҳабын. 1993 шықәса рзы Аԥсны Аминистрцәа Рсовет ахада ихаҭыԥуаҩыс далхын, 1995 аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс.

Иури Воронов дравторуп – 800 инареиҳаны аҭҵаарадырратәи апублицистикатәи статиақәа, уахь иаҵанакуеит 30 монографиа. Иҟоуп макьана икьыԥхьым аҵарауаҩ иусумҭақәагьы.

1995 шықәса, цәыббра 11 рзы Иури Николаи-иԥа Воронов итаацәеи иареи ахьынхоз Аҟәатәи иҩны аҿаԥхьа дшьын. Ацәгьоура назыгӡази, уи азы адҵа ҟазҵази зусҭцәоу иахьа уажәраанӡагьы ишьақәыргылам. Анышә дамардеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи ааигәара. Аҳҭнықалақь амҩадуқәа руаки ахԥатәи абжьаратә школи ихьӡ рхыуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0