Акоронавирустә инфекциаҟынтә алаҵаҟаҵара иалагеит Аԥсны

© Sputnik / Павел Бедняков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация от COVID-19 в ТЦ "Кунцево Плаза"
Вакцинация от COVID-19 в ТЦ Кунцево Плаза - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2021
Анапаҵаҩра
Ииасыз амчыбжь азы Агәабзиарахьчара аминистрра еиҿнакааит амедусзуҩцәа рзы атренингқәа акоронавирус аҟынтә алаҵа аҟаҵаразы.

АҞӘА, лаҵара 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акоронавирустә инфекциа аҟынтәи алаҵа "Спутник V" Аԥсны аҟаҵара иалагеит лаҵара 12 рзы.

Вахтанг Варданиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2021
Арадио
Ҩардан акоронавирус аҟынтәи алаҵазы: изҭаху раасҭа изҭахым рацәоушәа сгәы иабоит

"Иахьатәи амш инаркны аҟәатәи ақалақьтә поликлиника №1 аҟны алаҵаҟаҵара иалагеит. Алаҵа рзыҟарҵоит амедусзуҩцәа реиԥш ауааԥсырагьы. Иахьазы 14-ҩык алаҵа рзыҟаҵоуп. Макьаназы аӡәгьы ԥырхага идбалам", - лҳәеит аполиклиника аҳақьым хада Лиана Амԥарԥҳа.

Алаҵаҟаҵаразы аԥсуа тәылауаҩшәҟә умазароуп, Аҟәа ауааԥсыра аҭыԥантәи аҭаҩра рымазароуп.

"Ақалақь анҭыҵ инхо рҭыӡҭыԥ ала алаҵа ҟарҵар рылшоит араионқәа рҿы. Алаҵа ҟарҵаанӡа атерапевт апациент ишоура гәеиҭоит, диазҵаауеит игәабзиараз", - лҳәоит лара.

Аҳақьым хада илҳәеит апациентцәа ишрыҭахо алаҵа шыҟарҵаз азы аршаҳаҭга. Уа иарбахоит алаҵа аныҟаҵоу арыцхә. Аҩбатәи алаҵа 21 мшы рышьҭахь иҟаҵатәуп.

Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭаҿы амедперсонал алаҵа рзыҟаҵара мҩаԥыргалоит.

Вакцинация от COVID-19 в ТЦ Кунцево Плаза - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.05.2021
Аԥснытәи амедицинатә усзуҩцәа алаҵаҟаҵаразы атренинг иахысуеит

"Спутник V" ааргеит. Алаҵа аԥхьа иргыланы амедусзуҩцәа ирзыҟарҵоит. Алаҵа аныҟарҵо аҳақьымцәа алаҵа ззыҟарҵо ргәабзиара шыҟоу иазҵаалоит, игәарҭоит ршоура, изԥырхагахар ҟало ҳәа ззырԥхьаӡо ирыларҵаӡом", - иҳәоит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Виачеслав Абыхәба.

Аҳақьым-терапевт Викториа Гетиаԥҳа иазгәалҭеит алаҵаҟаҵара шзалымшо ауаҩы инфекциак ицәа иалазар.

"Ачымазара зхызгахьо алаҵа рзыҟарҵоит. Ачымазара ашьҭахь фымз аныҵлак ауп ианыҟаҵатәу ҳәа ишьоуп. Убри аан ичмазаҩу алаҵа изыҟаҵара зынӡагьы иҟалаӡом", - лҳәеит лара.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 14870-ы ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13856-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 224-ҩык.

Алаҵа "Спутник V" 64 тәыла, иааизакны зуааԥсыра 3,2 миллиард иҟоу рҟны иазхаҵоуп. Алаҵа ашәарҭадареи хра аманы аҟазаареи 97,6% инаӡоит.

Урыстәылатәи алаҵа "Спутник-V" 6500 доза Аԥсныҟа иааргеит мшаԥы 30 рзы. Иара иахәҭоу аҭахрақәа ирықәыршәаны аҵәахырҭаҿ ишьҭоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0