Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәа атурист иԥшаараз амҩа иқәлоит

© Foto / МЧС АбхазииЭвакуация туриста с перевала Химса
Эвакуация туриста с перевала Химса - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2021
Анапаҵаҩра
Гәымсҭа ашьхараҟынтә илбааз атуристцәа АҟәаГЕС ахь илбааит, уа ирԥылеит аԥснытәи аиқәырхаҩцәа.

АҞӘА, лаҵара 13 - Sputnik. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа ргәыԥ акаҵәара Хымса аганахь амҩа иқәлеит урыстәылатәи атурист иеиқәырхразы ҳәа Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан.

Иара иажәақәа рыла сааҭыбжак аҩныҵҟа АҶА аверталиот атурист дыҟоуп ҳәа ахьазгәаҭоу аҭыԥ иахыԥраауеит. Уи алҵшәақәа рыла аԥшааратә гәыԥ нашьҭхоит. Аверталиот ала аԥшаара лҵшәа ҟанамҵар, АҶА аиқәырхаҩцәа ргәыԥ шьапыла амҩа иқәлоит.

Делибалтиан иажәақәа рыла агәыԥ лаҵара 3 рзы атуристтә маршрут ала амҩа иқәлеит. Дара хынҳәраны иҟан лаҵара 10 рзы. Лаҵара 12 асааҭ 11:20 рзы Аԥсны АҶА ахь адырра ҟаҵан атуристцәа ргәыԥ рхала ашьхараҟынтә илбаарц ишаҿу аха руаӡәк ацхыраара иҭахны дшыҟоу, иара дныжьны агәыԥ аилазаара АҟәаГЕС ахь ишылбаауа.

Аусбарҭа апресс-маҵзура адыррала агәыԥ аинструктор Анна Делево лажәақәа рыла абазахь атуристцәа зыхнымҳәит рымҩа иахьахҟьаз азы. Уа дырзыԥшын рҩызцәа руаӡәк.

Агәыԥ иалахәуп Нижни Тагил, Екатеринбург, Челиабинск, Санкт-Петербург рҟынтәи атуризм абзиабаҩцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0