Лаҵара 17 рзы Аҟәа иаатуеит COVID-19 аҟынтәи даҽа лаҵаҟаҵарҭатә ҭыԥк

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАмпулы с вакциной "Гам-КОВИД-Вак" (Спутник V) в мобильном пункте вакцинации от COVID-19 в торговом центре "Арена Плаза" в Москве.
Ампулы с вакциной Гам-КОВИД-Вак (Спутник V) в мобильном пункте вакцинации от COVID-19 в торговом центре Арена Плаза в Москве. - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа иааган мшаԥы 30 рзы, алаҵаҟаҵара нап аркын лаҵара 11 рзы.

АҞӘА, лаҵара 14 - Sputnik. Лаҵара 17 рзы Аҟәа, Синоп иахьаҵанакуа иаатуеит даҽа лаҵараҟаҵарҭатә ҭыԥк ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.

Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа иааган мшаԥы 30 рзы, алаҵаҟаҵара нап аркын лаҵара 11 рзы.

Иԥсеиқәырхагоу алаҵа: акоронавирус аҟынтәи алаҵаҟаҵара шымҩаԥысуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2021
Иԥсеиқәырхагоу алаҵа: акоронавирус аҟынтәи алаҵаҟаҵара мҩаԥысуеит Аԥсны

Иахьазы алаҵаҟаҵара мҩаԥыргоит ақалақьтә поликлиника №1 аҿы актәи аихагылаҟны. Уаанӡа Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Вахтанг Ҩардан иҳәахьан алаҵаҟаҵаразы аҭыԥқәа азырхиоуп араионтә хәышәтәырҭақәа зегьы рҿы ҳәа.

Аҟәа иаартхоит х-ҭыԥк алаҵаҟаҵаразы. Аԥхьа алаҵа рзыҟарҵоит амедусзуҩцәа, анаҩс арҵаҩцәа, асоцусзуҩцәа, азинхьчаҩцәа. Аҟәа ахада Беслан Ешбеи ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәбеи ақалақьтә поликлиникаҿы акабинетқәа гәарҭеит. Аполиклиника аҳақьым хада Лиана Амԥарԥҳа лажәақәа рыла, лаҵара 13 рзтәи арбагақәа рыла алаҵа рзыҟаҵоуп 30-ҩык.

Алаҵаҟаҵаразы заанаҵы ашәҟәы зҽанызҵаз аҭел ирзасны еилыркаауеит инеиуоу-имнеиуоу, нас ауп алаҵа ашьҭаҵарҭаҟынтә ианнарго.

Алаҵа аныҟарҵо аҳақьымцәа алаҵа ззыҟарҵо ргәабзиара шыҟоу иазҵаалоит, игәарҭоит ршоура, изԥырхагахар ҟало ҳәа ззырԥхьаӡо ирыларҵаӡом. Алаҵа ззыҟарҵаз алаҵа шизыҟаҵоу азы ашәҟәы ирҭоит.

Беслан Ешба аполиклиника егьырҭ акабинетқәагьы гәеиҭеит, амедгәаҭара акабинет инаркны. Ари акабинет аҿы амедгәаҭара иахысуеит амедшәҟәқәа змазарц зыхәҭоу – арҵаҩцәа, акрыфарҭақәа русзуҩцәа, амигрантцәа. Зынӡа ашәҟәы иҭагалоуп ҩ-нызқьҩык.

Акабинет аиҳабы Вера Казариан еиҭалҳәеит есышықәса аиҳабыратә инстанциа аҿаԥхьа аҳасабырбақәа шыҟалҵо, аԥҟара еилазго рзы адыррақәа шрылҭо. Урҭ асиақәа нас СЕС ахь инарышьҭуеит иахәҭоу ауснагӡатәқәа рыдкыларазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0