Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа быжьҩык урыстәылатәи атурист иԥшаара иаҿуп

Анапаҵаҩра
Аԥсны АҶА адыррала, лаҵара 13 рзы Урыстәылатәи атурист иԥшаараз амҩа иқәлаз аиқәырхаҩцәа Чумҟәысба ашьхара иахьаҵанакуа иаангылт.

АҞӘА, лаҵара 14 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны АҶА аԥшаара-еиқәырхаратә гәыԥ урыстәылатәи атурист иԥшаараз ауснагӡатәқәа ирыцырҵоит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзураҿы.

"Аоперациа иацырҵоит. Аиқәырхаҩцәа атурист иԥшаара иаҿуп. Быжьҩык ауаа шьапыла ашьхарахь ихалоит. Уа атехника науго иҟам. Амаршрут алкаам, иахьнеиша ҳәа ирдыруа аҭыԥ иазцоит", - ҳәа рҳәеит апресс-маҵзураҿы.

Аусбарҭа аинформациала атурист Владимир Улианов Аԥсныҟа дааит Екатеринбургынтә. 64 шықәса ихыҵуеит ҳәа адырра ыҟоуп. Аԥшаара далахәуп атуристтә гәыԥ аинструктор Анна Гилева.

Агәыԥ лаҵара 3 рзы атуристтә маршрут ала амҩа иқәлеит. Дара хынҳәраны иҟан лаҵара 10 рзы. Лаҵара 12 асааҭ 11:20 рзы Аԥсны АҶА ахь адырра ҟаҵан атуристцәа руаӡәк ацхыраара шиҭаху, иара дныжьны агәыԥ рхала ашьхараҟынтә илбаарц ишаҿу.

Аусбарҭа апресс-маҵзура адыррала, агәыԥ аинструктор Анна Делево илҳәеит абазахь атуристцәа зыхнымҳәит рымҩа иахьахҟьази асоура иахьалагази азы. Уа дырзыԥшын рҩызцәа руаӡәк. Дара ирыӡбеит ацхыраара иаҳәарц Аԥсны АҶА аҿы.

МЧС Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2021
Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәа иӡыз урыстәылатәи атурист иԥшаара иацырҵоит

Аусбарҭа уаанӡатәи адыррақәа рыла, атурист дыҟоуп ҳәа агәаанагара ахьыҟоу аҵакыра вертолиотла иахаԥраауан ҳәа, аха аҳауатә ҭагылазаашьа иахҟьаны шьапыла идәықәлар акәхеит.

Агәыԥ иалахәуп Нижни Тагил, Екатеринбург, Челиабинск, Санкт-Петербург рҟынтәи атуризм абзиабаҩцәа.

Атуристцәа егьырҭ ргәыԥ лаҵара 13 рзы Ачадараҟа инеит. Дара уа аангыларҭа рыман. Лаҵара 14 рзы дара ареспублика аанрыжьит.

Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан иажәаәқа рыла атуристтә гәыԥ аминистррахь азыҳәа нанашьҭит рмаршрут азы. Ашәҟәы ианҭаргала ашьҭахь амҩа иқәлеит. Иара иҳәеит иалхыз амаршрут шыуадаҩу, уи адагьы лаҵара 9 рзы арҭ аҭыԥқәа рҿы асы шлеиз.

Ажәабжьқәа зегьы
0