Урыстәылатәи аԥшыхәцәа адиверсантцәа ргәыԥ аԥырырхит

© Foto / пресс - служба ЮВО Разведчики ЮВО в Абхазии отразили нападение условных диверсантов на КПП воинского соединения
Разведчики ЮВО в Абхазии отразили нападение условных диверсантов на КПП воинского соединения - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2021
Анапаҵаҩра
Аҵара-ҽазыҟаҵарақәа раан ахархәара рыҭан атехникатә хархәагақәа, ахысга абџьар иатәу зықь рҟынӡа џьаԥҳаны налаҵаны.

АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа, аԥшыхәцәа "аӷа" идиверсантцәа ргәыԥ ҭадырхеит Аԥсны ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

"Адиверсантцәа" арратә ҟәша ақәлара рҽазыршәеит, аушьҭырҭатә ҭыԥ ала арҟәша аҵакырахь иҭаларц иалагеит. "Аӷа" даанкылан, дагьҭархан ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ аҿи аҵәахырҭатә хыбрақәа рҿи.

Арратә база иазоужьын аҷаԥшьаратә ҟәшақәа аԥшыхәцәа рхыԥхьаӡараҟынтә.

Акәылӡтехника ацхыраарала аруаа алҩатә "ԥарда" ҟаҵаны "аӷа" ихысырҭа ҭыԥқәа ндырҵәеит. Асапиорцәа анџьныртә ԥшыхәра ҟаҵаны арҭҟәацгақәа еиҵырхт.

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын шәҩык инарзынаԥшуа аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭан 10 акк арратә техника, ҳаамҭазтәи акәылӡтә транспартиорқәа БТР-82А, акәылӡтә автомашьынақәа КамАЗ-5350 "Мустанг", аԥшыхәратә машьынақәа "Тигр" налаҵаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0